Гал араион аӡеизгарҭа хада аиҭашьақәыргылараз аҭыԥ дрыцқьеит
18:46 20.07.2026 (ирҿыцуп: 19:23 20.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 20 — Sputnik. Гал араион аӡеизгарҭа хада аиҭашьақәыргылараз аҭыԥ дрыцқьеит.
Речхә ақыҭан иҟоу ахыбра арыцқьаратә усурақәа рхы рыладырхәит араион ахадара, Ақалақьтә нхамҩа аусбарҭа, "Аӡыршьҭра", Аԥсны АҶА амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа аусзуҩцәа, аҿари аспорти рыҟәша, иара убас, аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Гал араион ахада Константин Ԥлиа "Гал-Медиа" ишазеиҭеиҳәаз ала, жәамш инареиҳаны Акапиталтә ргылара аусбарҭа аспециалистцәа аҽазыҟаҵаратә, арӷәӷәаратә усурақәа мҩаԥыргоит. Иҟалаз аҿыбгара ашьҭахь, анаара дырӷәӷәоит, анаҩс анеирҭа мҩа ҟарҵоит, аӡымҩангага шьҭарҵоит.
Иара иажәақәа рыла, раԥхьатәи апроект иазԥхьагәанаҭон ҩымчыбжь аӡы аҿыхра, аха араион анапхгара адҵа ықәдыргылеит ӡыла аиқәыршәара аанкыламкәа аусурақәа зегьы рымҩаԥгара. Уи аусура аруадаҩит, аха уажәы планла имҩаԥысуеит ҳәа азгәеиҭеит Ԥлиа.