Адәахьтәи акультуреи аспорти: ишԥаҿиои ари ахырхарҭа Аԥсны?
13:04 22.07.2026 (ирҿыцуп: 14:31 22.07.2026)
Адәахьтәи акультуреи аспорти: ишԥаҿиои ари ахырхарҭа Аԥсны?
Анапаҵаҩра
Аԥсны адәахьтәи акультуреи аспорти рхаҭарнакцәа жәларбжьаратәи аицлабра-премиа "КАРДО" рхы аладырхәыр рылшоит. Аҭаҩра аартуп 13 хырхарҭа рыла, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: аскеитбординг, апаркур, воркаут, адиџьеинг, ареп, бреик-данс уҳәа егьырҭгьы. Аицлабра аиҿкааҩ-аплатформа: "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла". Ари аицлабра еиднакыло ахырхарҭақәа ҳтәылаҿы ирымоума азҿлымҳара, дара рхаҭарнакцәа рзы алшарақәа ҳәа кыр аԥҵоума, ҳазҵаарақәа рҭак ҟаицоит Аҳәынҭспортеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Идрис Кара-Осман-оӷлы.
Шәазыӡырҩы аудио.
