Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит
09:26 23.07.2026 (ирҿыцуп: 10:29 23.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ шьақәырӷәӷәан ԥхынгәы 23 1992 шықәсазы Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҟны. Аескиз азирхиеит Валери Гамгьиа.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. Бадра Гәынба Аԥсны атәылауаа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара, ареспублика аҳәынҭқарра ашьақәгылара ихадоу хәҭаны ишыҟалаз.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы абираҟи агерби рышьақәырӷәӷәара, ареспублика аҳәынҭқарра ашьақәгылара ихадоу хәҭаны ишыҟалаз.
"Иахьа Аҳәынҭқарратә бираҟ еиднакылоит Аԥсны аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы. Уи иаҳгәаланаршәоит ҳажәлар рҭоурых хьӡырҳәага, ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рыхә, агәацԥыҳәара ҳнаҭоит арҿиаратә џьабааи Аԥсадгьыл аизҳазыӷьара ахьӡала аихьӡара ҿыцқәеи рзы", — ҳәа аҳәоит атекст аҿы.
Гәынба агәрагара ааирԥшит, Аԥсны абираҟ жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа зегьы рҿы ишцәыргахо, ареспублика ахьыԥшымра азхазҵаз атәылақәа рхыԥхьаӡарагьы шеизҳауа.
"Ари еицаҳзеиҧшу хықәкуп, уи анагӡара шьаҿа-шьаҿала ҳазнеилоит, ԥхьаҟатәи абиԥарақәеи ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьареи рзы ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи, аиашареи ридеалқәа гәыкала ҳарзыҟазаауеит", — ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.