00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥсны-ҿа" аҩбатәи астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа

© Sputnik / Бадри ЕсиаваВторой круглый стол "Молодой Абхазии" прошел в Сухуме
Второй круглый стол Молодой Абхазии прошел в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2026
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 7 рзы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу афорум ду.
АҞӘА, ԥхынгәы 23 — Sputnik. "Аԥсны аҿар иахьа: ҳаамҭазтәи ахыдҵақәа, алшарақәа, аԥеиԥш" атемала астол гьежь мҩаԥысит Аҟәа.

Иара еиҿнакааит "Аԥсны-ҿа", нанҳәа 7 рзы имҩаԥысраны иҟоу афорум ду аламҭалазы.

Аиҿкаара анапхгаҩы Алиас Аҩӡба зегьы Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит, иазгәеиҭеит аҳәынҭқарратә ҿартә политикеи апатриоттә ааӡареи русхк аҟны Аԥсны аԥышәа дуӡӡа шамоу, аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы инарҭбаау аинформациа аиура шыуадаҩугьы.
"Иахьа ҳамшәа-ҳмырҳа иаҳҳәар ҳалшоит иалкаау аихьӡарақәа шыҟоу. Иеизҳахьеит абиԥара, аха ус шакәугьы, актуалра злоу азҵаарақәеи апроблемақәеи аанхоит, адунеи зегьы аҿеиԥш", — иҳәеит иара.
Аҩӡба ҳазҭагылоу аамҭа мариам ҳәа ахиҳәааит. Урыстәыла, Аԥсны атәылауаа фырхаҵарыла иахьеибашьуа Арратә операциа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Аибашьра алҵшәа иадҳәалоуп, ареспублика алахьынҵагьы.

Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа зегьы инарыдкыланы, Аԥсны аҿаԥхьа иқәгылоит азҵаарақәа жәпакы – аҿиареи, ааӡареи рҿы ԥыжәарақәас иҟоу, насгьы иарбан мҩоу изнылаша ҳәа ациҵеит иара астудентцәа рахь ихы нарханы.

Аԥсны Апарламент адепутат Инар Саӡба аҿари иареи реицәажәара хациркит асахьаркыратә фильм "Матрица" шәахәаԥшхьоума ҳәа азҵаара ала. Еиҳа еиҳабу абиԥара рхаҭарнакцәа рыда, ари афильм здыруаз хҩык ракәын.

Асеиԥш дызҵааз – 1990-тәи ашықәсқәа рзы апостмодернисттә киноҭыжьымҭаҿы ареалтәи авиртуалтәи дунеиқәа рызҵаарақәа ахьышьҭырхуа азоуп иҳәеит иара.

"ХХI ашәышықәсазы ҳара ҳрыниеит асоциалтә ҳақәа, аӡәырҩы рхаҿы ирзаамгоз уаҩ иимбац, иџьашьахәу аԥсҭазаара. Ҳара ҳгәы излаанаго ала, иаҳдырбо ауп зегьы ҳзышьҭалаша аҵабыргхаҭа. Араҟа ицәырҵуеит азҵаара, ус иҟаҵәҟьоума?", — иҳәеит Саӡба.
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Ареспубликатә аҿар рфорум Аԥсны Ҿа амҩаԥгара иашьҭанеиуа аусқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2026
Аԥсны
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Ареспубликатә аҿар рфорум "Аԥсны Ҿа" амҩаԥгара иашьҭанеиуа аусқәа
Апарламентари аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, аинтернет аҿы еиҭарҳәо зегьы агәра рымгаларц, аинформациа араӡашьа рҵарц, игәарҭаларц рабжьигеит. Уи адагьы, иара дазааҭгылеит аус зуа аҵарадырра асистема аԥсахрақәа ралагалара шхымԥадатәиу, уи ҳаамҭазтәи атрендқәа ирықәшәом ҳәа агәаанагара шимоу.

"Аԥсны Ҿа" ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Соломко, ареспубликаҿы аволонтиорра атема дазааҭгылеит. Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы аҿар реиҿкаара аҭоурых иалагеижьҭеи акрааҵуеит — Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьҵәҟьа инаркны.

Ҳаамҭазы уи зымҽхак ҭбаау, еиҿкаау аԥшьгарақәа рахь ииасит. Соломко аҿар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит, рыхшыҩҵакқәа ԥырымкырц, еиҳа агәаӷьра аадырԥшларц, адгылара иақәгәыӷларц. Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Ельза Ҳагԥҳа, агәра ганы дыҟоуп аԥсуа ҿар акыр ишрықәҿиаз. Урҭ рзы иаатит иарбан усхкызаалак аҿы ахаланагӡаразы алшарақәа рацәаны, иара убри аамҭазгьы уи аҿы ацхырааҩцәа акырӡа еиҳахеит.

Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников астол гьежь алахәылацәа ирзеиҭеиҳәеит напхгара зиҭо аиҿкаара Аԥсны имҩаԥнаго апроектқәа ртәы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аквотақәа рыла аԥсуа абитуриентцәа разыҟаҵара, аус зуа, иалкаау амаҵурақәа аанызкыло ауаа рзы иназыцҵоу азанааҭтә ҵара.

Хазы иаликааит Россотрудничество Аԥсны имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа, урҭ агәаларшәагатә рыцхәқәа ирызкуп.

Аԥсны иҟоу ААРА ахаҭарнакра адиректор Иулиа Красцова илгәалалыршәеит Аԥснытәи аделегациа 2024 шықәсазы Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҿы зегь реиҳа ишырацәаҩыз, уи 190 тәыла инареиҳаны рхаҭарнакцәеи дареи аиҩызаратә еимадарақәа рыбжьаҵаразы зеиӷьаҟам лшараны ишыҟаз. Лара илҳәеит Екатеринбург имҩаԥысраны иҟоу афестиваль раԥхьаӡа акәны аволонтиорцәа раҳасабала ишалахәхо Аԥснынтәи быжьҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0