00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
2 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
On air
18:16
2 мин
Аиҿцәажәара
"Арра-патриоттә лагер "Дбараа": ахықәки аусушьеи еилаҳкаауеит
18:19
8 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Взаимный интерес
Кино возвращается в Абхазию: планы, премьеры и развитие проката
18:49
25 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра 2026 шықәса актәи азбжа аихшьалақәа рыла Гәылрыԥшь араион асоциал-економикатә ҿиара иазкыз аилацәажәара далахәын.Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит араионқәа рҿы ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда шрымоу, избанзар алшара ҳарҭоит ишиашоу ауаа рацәажәаразы, имҩаԥгаз аусура ахәшьара аҭаразы, уи иҵегьы иахьырӷәӷәатәу аилкааразы. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит араионқәа аҳәынҭқарра шьаҭас ишрымоу, араионқәа аныҿио атәыла зегьы аҿиара шалыршахо.
2026 шықәса актәи азыбжаз Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 11% рыла иацҵаны инагӡоуп.Планла иарбаз 167,6 млн мааҭ рҟынтәи, фактлатәи алагалақәа 187,1 млн мааҭ инаӡеит.Абри атәы иҳәеит араион ахадара аиҳабы Саид Ҳаразиа, Аԥсны ахада Бадра Гәынба дызлахәу араион актив аҳасабырбатә еилатәараҿы. Алагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ аҟынтәи ахатәы хашәалахәқәа идыртәеит 98,8 млн мааҭ. Аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны абиуџьет аныхратә хәҭа 94% рыла инагӡоуп. 167 млн мааҭ планны арбараан фактла ахарџьқәа идыртәеит 155,5 млн мааҭ, уи 18% рыла еиҳауп 2025 шықәса абри аамҭахәҭазтәи аҭагылазаашьа иаҿырԥшны.
Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргылара Гәылрыԥшь араион атуризми аекономикеи рыҿиаразы ихәарҭа дуны иҟалеит ҳәа азгәеиҭеит араион ахада Саид Ҳаразиа.Иара иажәақәа рыла, акапитал хадахь аинвестициақәа рымҽхак 380 миллион мааҭ артәеит, уи 27% рыла еиҳауп 2025 шықәсазтәи арбагақәа раасҭа. Иара убасгьы иҳәеит, ажьырныҳәамза инаркны рашәарамзанӡа араион ишаҭааз 98 нызқьҩык атуристцәа, уи 14% рыла ишеиҳау 2025 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭазы аасҭа. Аԥхынтәи атуристтә аамҭахәҭа азырхиареи амҩаԥгареи рзы араион абиуџьет аҿы иазԥхьагәаҭоуп 1,4 млн мааҭ. Амшын аҵа, аплиажқәа ррыцқьаразы аусурақәа мҩаԥгоуп, аиқәырхаратә ҭыԥқәа еиҿкаауп.
Амедицинатә цхыраара ласы апункт аартра ргәы иҭоуп Очамчыра иааиуа ашықәс азы.Абри атәы иҳәеит Очамчыра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Оҭар Акаба, арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз.Иара иажәақәа рыла, уаанӡа ақалақь аҿы ацхыраара ласы апункт ыҟамызт, уи аартра ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара аоперативреи храмазаареи реизырҳара алнаршоит.Акаба иара убасгьы иҳәеит, иахьатәи аамҭазы араионтә хәышәтәырҭа адәахьтәи аҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа шымҩаԥысуа, аха ԥхьаҟа араионтә хәышәтәырҭа ахыбра шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара аҭахуп , убасгьы амедицинатә усбарҭа иахәҭоу амаругақәа азымхара ыҟоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0