00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
08:00
31 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аҳәызба уцәыӡызшәа ԥхыӡ иубазар": аҳәызба аритуалқәеи аԥхыӡқәеи рҿы

© Sputnik / Томас Тхайцук Выставка Союза оружейников в ЦВЗ
Выставка Союза оружейников в ЦВЗ - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.07.2026
Анапаҵаҩра
Аҳәызба ҩнаҭацыԥхьаӡа иззыҩнам дыҟамзар ҟалап. Ари амаҭәар ганрацәала дазааҭгылоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҳәызба аҭоурых иадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Раԥхьаӡатәи аҳәызбақәа ауаҩы инапы иҵыҵит ахаҳә, абаҩ, амҿы иалхны. Нас маҷмаҷла аамҭақәа аныбжьыс ҳзыжьцылахьоу аҳәызба аԥшра аанахәеит.
Хықәкыла иуҳәозар, аҳәызба "аԥҳәыс уси", "ахаҵа уси" ҳәа еилых ҟамҵакәа, иахьурхалакгьы имаҭәахәуп: аԥҳәыс лзы ахәыҟаҵара арманшәалоит, ахаҵа иакәзар, ҳәызба цҳафырла ашьтәа ацәа ахирҵәраауеит.
Отключения воды - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2025
Аԥсны
"Аҵәцалых аиԥхыӡра - бзиарак иазҳәоуп": абзиара ҳзаазго аԥхыӡқәа

Ажәаԥҟақәа

Аҳәызба ахьӡ ахьуԥыло аԥсуа жәаԥҟақәоуп шрацәамгьы, аҵакы ҵаула рымоуп. Иаагозар: "Аҳәызба бзиеиԥш, аҭыԥҳа бзиагьы дшәарҭоуп, дуцәыргоит", "Аҳәызба ахьыҟаз ацә ргон", "Ҳәызба уаара кәац нырҵәагоуп".
Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп абарҭ ажәаԥҟақәа:
"Аҳәызба аҭыԥ ӷьоит, аха абз аҭыԥ ӷьаӡом", "Аҳәызба аҵкьыс абызцәгьа уацәшәа". Ауаҩы ишихәҭам уизныҟәар, ажәа бааԥс иауҳәар, игәы ҭауҷаҷоит. Ауаҩы ахәра инуҵар, хымԥада иӷьоит, аха ақәнамга иауҳәар, ихамышҭыхәхоит. Уи ауп иҳарҳәо арҭ еиқәыԥхьаӡоу ажәаԥҟақәа.
"Аҳәызба аҿы ажьакца иафоит, ауаҩы агәырҩеи ашьыцреи дырфоит". Цәала-жьыла иуныруа ахьаа аасҭа акырынтә иӷәӷәоуп ҩнуҵҟала иуӷрыхо ахәыцрақәеи агәырҩеи. Агәырҩа уҽауҭар, абзиара ахылҿиаауам. Ашьыцра акәзар, ҟазшьа бааԥсуп, уи инамцхәны излалаз, дахәнатәуеит.

Аритуалқәа

- Аҭаца дызланагалаз аҩнаҭахьы лшьаҿа анеихылго, ашәхымс данахысуа аҳәызбақәа еиҿарыкшоит – цәгьак лхьыԥшызар аанкылара иадырганы.
- Зны-зынла убас иҟалалоит, ахәыҷы шықәсыла иныҟәара аамҭа ианахыԥо, арахь ихаҭа аныҟәара аницәыуадаҩхо. Ари аҩыза ахҭыс иақәшәаз аҭаацәа рқыҭаҿы, рҳаблаҿы ма уи анҭыҵ инхо аԥҳәыс цқьа дааԥхьаны ддырныҳәоит, ахәыҷы даниз амш инақәыршәаны. Аныҳәаҩ ахәыҷы ихьӡала ачашә мгьал лӡуеит, акы ианҵаны ашәхымс аҟны иқәылҵоит. Ишьапқәа еилыхны, ачашә инақәыргыланы, ҳәызбала, ишьап хәыҷқәа иаарываргьежьны амгьал ԥылҟоит. Дныҳәа-ныԥхьо илҳәоит: "Иахьарнахыс Ҳазшаз имчала ахәыҷы имҩа аатхарц, аныҟәара игәаԥхо дҟаларц". Ашьҭахь ҩыџьа ахәыҷқәа ааганы, наҟ-ааҟ изымныҟәо ахәыҷы ижәҩахырқәа иаҵалыргылоит, ачашә мгьал амԥҽны инадлыркуеит. Уи нахыс аритуал иалахәыз ахәыҷқәа еибархәмаруа агәарԥ ахь ицоит. Иҭаԥҟаны иаанхаз ачашә аҩны иҟоу дхәыҷума-ддуума, гәык-ԥсыкала иқәныҳәауа ирфоит. Ачашә мгьал зегьы ианырзылшалак ашьҭахь, аныҳәаҩгьы агьама лбоит. Аныҳәара ашьҭахь, мышқәак рыла ахәыҷы аныҟәара далагоит.
- Асаби иира иадҳәалоу аритуалқәа рҿгьы аҳәызба ахьаҳԥыло ыҟоуп. Аҵарауаҩ Стелла Арышԥҳа лышәҟәы "Аԥсуа жәлар рмедицина" аҟны иазгәалҭоит: "Аԥҳәыс лыхшароура цәгьахазар, лармарахьала амаркатыли адырди шьҭарҵон, ларӷьарахьала – аиха, аҳәызба, аӡаӡ. Анаҩс, ацхыраара лызҭоз аԥҳәысеилыргаҩы илҳәон: "Уҷкәынзар, арыӷьарахь уца, быӡӷабзар – арымарахь" ҳәа.
Празднование Ажьырныхуа в селе Бамбора  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2021
"Амацәыс еиԥш иуҿалашо": ацәашьы аҭыԥ еиуеиԥшым аритуалқәа рҿы

Азгәаҭарақәа

Аиха ма аҳәызба ала унапы ма ушьапы ԥуҟар, излаԥуҟаз мчыбжьык анышә иамазар, ахьаа уарҟәаҟуам рҳәоит.
Арахә злаушьыз аҳәызба иаразнак ҵаҟа ишьҭауҵар, акәац анышә агьама аанахәоит ҳәа азгәарҭоит.
Ала анууа ацәгьара иазкуп. Ацәгьара ҟамларацы, аҳәызба ашәхымс аҿы адәныҟа ахы рханы ишьҭоуҵар, иԥнаҟоит.

Аԥхыӡқәа рдунеи

Ԥхыӡла аҳәызба аҿы уцәыԥҵәазар – аимак-аиҿак иазҳәоуп.
Аҳәызба жьакца уеиԥхыӡзар, аҭаацәараҿы аманшәаламра, ауадаҩра иатәуп.
Аҳәызба уцәыӡызшәа ԥхыӡ иубазар, агәамбзиара иазҳәоуп.
Конкурс лесорубов в Новгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.08.2025
Аԥсны
"Аҩны ҟазҵаз агәра́ҳа дәылган икарыжьуан": аиха иахҳәаау згәаҭарақәак
Ажәабжьқәа зегьы
0