Кавказ азы аибашьра иазку арра-патриоттә хәмарра хацыркуп
11:24 27.07.2026 (ирҿыцуп: 16:24 27.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Ахәмаррақәа ирылахәуп абжьаратә школқәа рҵаҩцәа, амилициа ашкол астудентцәа, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш адҵаҟаҵаратә арратә ҵараиурҭа акурсантцәа.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Кавказ азы аибашьра иазку арра-патриоттә хәмарра хацыркуп Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш адҵаҟаҵаратә арратә ҵараиурҭаҿы.
Ахәмарра иалахәуп хәҩык-хәҩык рыла ишьақәгылоу быжь-командак. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп абжьаратә школқәа рҵаҩцәа, амилициа ашкол астудентцәа, Аҟәатәи Иреиҳаӡоу азеиԥш адҵаҟаҵаратә арратә ҵараиурҭа акурсанцәа.
Акультуратә фонд "Платформа" анапхгаҩы Анна Торгашова лажәақәа рыла, иахьатәи аусмҩаԥгатә апроект "Кавказтәи афронт" иахәҭакуп.
Ахәмаррақәа рлахәылацәа автомат аибыҭареи аимыхреи, раԥхьатәи амедицинатә цхыраара лас аҟаҵареи, иара убас, егьырҭ аԥышәарақәа рахысреи рҿы еиндаҭлоит. Аицлабрақәа рхыркәшамҭаз Аиааира абираҟ шьҭырхуеит.
Аусмҩаԥгатә еиҿнакааит Акультуратә фонд "Платформа", Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рзинхьчара Ацентр ацхыраарала.
Апроект нарыгӡоит Урыстәыла ахада игрантқәа рфонди аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" рыцхыраареи рыла.
Кавказ азы аибашьра — Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан зегь реиҳа инеиҵыху ажәыларақәа иреиуан. Уи хацыркын 1942 шықәса ԥхынгәы 25 рзы, иагьхыркәшахеит 1943 шықәса жьҭаара 9 рзы.
Ажәылара цон 442 мшы, Ленинград 900 мшы ахьчара ашьҭахь, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿ еиҳа акыр аамҭа инеиԥынкылан имҩаԥысуаз аҩбатәи хҭысны иҟалеит.
СССР Иреиҳаӡоу Асовет апрезидиум Аусԥҟала лаҵарамза 1 1944 шықәсазы иаԥҵан "Кавказ ахьчаразы" амедал, уи ранашьан 600 нызқьҩык рҟынӡа ауааԥсыра.