Аԥыза-министр Владимир Делба АҶА аколлектив аминистр ҿыц Алиас Аҩӡба дыдирдырит
13:00 27.07.2026 (ирҿыцуп: 16:22 27.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Алиас Аҩӡба Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵан ԥхынгәы 24 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Аԥыза-министр Владимир Делба АҶА аколлектив аминистр ҿыц Алиас Аҩӡба дыдирдырит.
"Алиас Витали-иԥа аҳәынҭқарратә аусбарҭақәа рҿы иҿыцу уаҩӡам, иара еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аҵарадырреи, аҭҵаарадырреи, аспорти, аҿартә политикеи рминистр ихаҭыԥуаҩысгьы дыҟан. Анаҩс, аҿартә политиказы Аҳәынҭеилакы напхгара аиҭон, убри аҟнытә аҳәынҭқарратә мчра аусушьа ибзианы идыруеит", — ҳәа азгәеиҭеит Делба.
Владимир Делба Аҧсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра 11 шықәса инеиԥынкыланы напхгара азҭоз Лев Кәыҵниа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит, АҶА ахада ҿыц иакәзар — иусураҿы алҵшәа бзиақәа изеиӷьеишьеит.
Алиас Аҩӡба Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵан ԥхынгәы 24 рзы. Лев Кәыҵниа ари амаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәын хатәгәаҧхарала иҟаиҵаз аҳәара инамадан.
Алиас Аҩӡба Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ҿыцс дҟаҵан ԥхынгәы 24 рзы. Лев Кәыҵниа ари амаҵура аҟынтәи ихы дақәиҭтәын хатәгәаҧхарала иҟаиҵаз аҳәара инамадан.
Алиас Аҩӡба диит нанҳәа 22 1985 шықәсазы. ААУ афилологиатә факультет "Актиортә ҟазара" азанааҭ даушьҭымҭоу, Урыстәылатәи Афедерациа ахада иҟны иҟоу аҳәынҭмаҵзура Урыстәылатәи академиа "Аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи напхгараҭара" азанааҭ ала. Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы аррамҵзура ихигеит.
2022 шықәса раахыс — аинтернационалтә бригада "Пиатнашка" далахәын, 1-тәи абаталион адҵаҟааҩ. 2023 шықәса аахыс — Урыстәыла аҵара аминистр иабжьгаҩ ауаажәларратә лагалала.
Лаҵарамза 5 2026 шықәса аахыс — Аԥсны ахада ицхырааҩ.