Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 276 ҭадырхеит

© Sputnik / Евгений Биятов
/ Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа рдронқәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәылара мҩаԥыргоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 276 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Нижегородтәи, Орловтәи, Пензатәи, Ростовтәи, Тулатәи, Улиановтәи, Иарославльтәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегион, Ҟрым, Ҭаҭарсҭан, Удмуртиа,
Краснодартәи атәылаҿацә, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.