https://sputnik-abkhazia.info/20260728/1064638447.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Астанциа маҷ "Очамчыра-2" аиҭарҿыцра абжьаратәи алҵшәақәа реихшьаала ҟарҵеит Аенергетика аминистрраҿ. Актәи ахҭәа ахыркәшарахь инеихьеит. Аенергетикцәа... 28.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-28T13:30+0300
2026-07-28T13:30+0300
2026-07-28T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1c/1064638281_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_55e06c86df5301a48b945c3d1bc1d876.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Астанциа маҷ "Очамчыра-2" аиҭарҿыцра абжьаратәи алҵшәақәа реихшьаала ҟарҵеит Аенергетика аминистрраҿ. Актәи ахҭәа ахыркәшарахь инеихьеит. Аенергетикцәа ацәаҳәатә хархәагақәа еибырҭахьеит, амчратә трансформатор ҿыцқәа ҩба рҟынтәи руак ықәдыргылахьеит, убас егьырҭ аусурақәагьы рацәаны имҩаԥыргахьеит.Урҭ инарываргыланы аҳасаббаратә хархәагақәа рышьақәыргылара иаҿуп. Амыруга ҿыцқәа аидара хьанҭақәа ирцәырыхьчалоит.Аҩбатәи атрансформатор анышьақәдыргылалак ашьҭахь астанциа маҷ амчхара ҩынтә еиҳахоит, 50 МВА артәо иҟалоит. Уи араион аҭахрақәа нҭкааны ианаркуеит.
Ҭаҭарсҭан иҟоу афымцаҳатә инфраструктура асистема Аԥсны иҳадаҳкылаша ԥышәоуп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба."Ҭаҭарсҭан ари акыр шықәса изызнеиуаз системоуп. Агхақәа рыман, аха урҭ риашан. Иахьа ҳара гхада рԥышәа рымаҳдартә алшара ҳарҭоит", — иҳәеит Саид Блабба. Иара иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу асистема алшара шунаҭо афымцатә еиԥҟьара ахьыҟоу агәаҭара, анализ азура, насгьы уи аусура иаарланы аиҭашьақәыргылара.
Аӡбарҭа, ахәыҷы дахьынхо аҭыԥ аамҭала аҳәаақәҵаразы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа аднакылаанӡа, уи алзыршо ариашарақәа рыдыркылеит иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны иҳәеит арадио Sputnik аҟны Апарламент адепутат Дмитри Маршьан."Ҳара ҳҿы лассы-лассы аҭаацәа рыбжьара аӡбаратә еимакқәа ҟалалоит. Урҭ мызла, шықәсыла ицалар алшоит, ахәыҷы изинтә статус абри аамҭазы еилкаам. Лассы-лассы иҟалалоит аҭаацәа руаӡәк ахәыҷы егьи даниимҭо, мамзаргьы даниимырбо", – ҳәа азгәеиҭеит иара. Апарламентари иазгәеиҭеит аӡбарҭа аӡбамҭа шаднакылало ахәыҷы игәаанагареи абекәынратә усбарҭа алкааи ҳасаб рзуны.
Зинедин Зидан ашьапылампыл азы Франциа еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит.Иара ари аҭыԥ аҿы диԥсахит 2012 шықәса раахыс акоманда азыҟазҵоз, адунеи Ачемпионат ашьҭахь зусура хзыркәшаз Дидие Дешам.Зидан адунеи аҿы ашьапылампыласыҩцәа иреиӷьӡақәоу дыруаӡәкуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иара ашьапылампыласратә кариера хиркәшеит 2006 шықәса рзы, зыҟаҵаҩыс дҟалеит. Мадридтәи "Реал" напхгара аиҭон 2016-2018, 20192-2021 шықәсқәа рзы, хынтә Ачемпионцәа Рлигаҿ иаиааит, ҩынтә-ҩынтә Испаниа ачемпионати Ахраҿахадеи, УЕФА Ахраҿахадеи адунеи аклубтә чемпионати рҿы иаиааит.
Астанциа маҷ "Очамчыра-2" аиҭарҿыцра абжьаратәи алҵшәақәа реихшьаала ҟарҵеит Аенергетика аминистрраҿ. Актәи ахҭәа ахыркәшарахь инеихьеит. Аенергетикцәа ацәаҳәатә хархәагақәа еибырҭахьеит, амчратә трансформатор ҿыцқәа ҩба рҟынтәи руак ықәдыргылахьеит, убас егьырҭ аусурақәагьы рацәаны имҩаԥыргахьеит.Урҭ инарываргыланы аҳасаббаратә хархәагақәа рышьақәыргылара иаҿуп. Амыруга ҿыцқәа аидара хьанҭақәа ирцәырыхьчалоит.Аҩбатәи атрансформатор анышьақәдыргылалак ашьҭахь астанциа маҷ амчхара ҩынтә еиҳахоит, 50 МВА артәо иҟалоит. Уи араион аҭахрақәа нҭкааны ианаркуеит. Ҭаҭарсҭан иҟоу афымцаҳатә инфраструктура асистема Аԥсны иҳадаҳкылаша ԥышәоуп ҳәа арадио Sputnik аҟны иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҭира аусбарҭа аиҳабы Саид Блабба."Ҭаҭарсҭан ари акыр шықәса изызнеиуаз системоуп. Агхақәа рыман, аха урҭ риашан. Иахьа ҳара гхада рԥышәа рымаҳдартә алшара ҳарҭоит", — иҳәеит Саид Блабба. Иара иазгәеиҭеит, зыӡбахә ҳәоу асистема алшара шунаҭо афымцатә еиԥҟьара ахьыҟоу агәаҭара, анализ азура, насгьы уи аусура иаарланы аиҭашьақәыргылара.Аӡбарҭа, ахәыҷы дахьынхо аҭыԥ аамҭала аҳәаақәҵаразы аҵыхәтәантәи аӡбамҭа аднакылаанӡа, уи алзыршо ариашарақәа рыдыркылеит иҟоу аҭагылазаашьа ҳасаб азуны иҳәеит арадио Sputnik аҟны Апарламент адепутат Дмитри Маршьан."Ҳара ҳҿы лассы-лассы аҭаацәа рыбжьара аӡбаратә еимакқәа ҟалалоит. Урҭ мызла, шықәсыла ицалар алшоит, ахәыҷы изинтә статус абри аамҭазы еилкаам. Лассы-лассы иҟалалоит аҭаацәа руаӡәк ахәыҷы егьи даниимҭо, мамзаргьы даниимырбо", – ҳәа азгәеиҭеит иара. Апарламентари иазгәеиҭеит аӡбарҭа аӡбамҭа шаднакылало ахәыҷы игәаанагареи абекәынратә усбарҭа алкааи ҳасаб рзуны.Зинедин Зидан ашьапылампыл азы Франциа еизгоу акоманда азыҟаҵаҩ хадас дҟалеит.Иара ари аҭыԥ аҿы диԥсахит 2012 шықәса раахыс акоманда азыҟазҵоз, адунеи Ачемпионат ашьҭахь зусура хзыркәшаз Дидие Дешам.Зидан адунеи аҿы ашьапылампыласыҩцәа иреиӷьӡақәоу дыруаӡәкуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Иара ашьапылампыласратә кариера хиркәшеит 2006 шықәса рзы, зыҟаҵаҩыс дҟалеит. Мадридтәи "Реал" напхгара аиҭон 2016-2018, 20192-2021 шықәсқәа рзы, хынтә Ачемпионцәа Рлигаҿ иаиааит, ҩынтә-ҩынтә Испаниа ачемпионати Ахраҿахадеи, УЕФА Ахраҿахадеи адунеи аклубтә чемпионати рҿы иаиааит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1c/1064638281_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_67599014a005e9a4c2631e6267800b61.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио