Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы еиҿкаау алагер "Ахьышьтрахь" алахәылацәа дырԥылеит
14:34 28.07.2026 (ирҿыцуп: 15:39 28.07.2026)

© telegram SputnikAbkhazia
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы еиҿкаау аҿар рлагер "Ахьышьтрахь" алахәылацәа дырԥылеит.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит апроект аҵак ду шамоу, избанзар уи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл акультуреи абзазареи рдырраз алшара рнаҭоит.
Ареспублика анапхгара аринахысгьы адиаспора Аԥсны радԥхьалара иадҳәалоу аполитика иадгылалоит ҳәа иҳәеит Гәынба.

Апроект еиднакылеит 14-18 шықәса зхыҵуа 225-ҩык аҿар, Аԥсны ауааԥсыра, Ҭырқәтәыла, Германиа, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи адиаспора рхаҭарнакцәа. Дара рзы иазырхиоуп акультуратәи аҵаратәи программақәа, аҭыԥ ԥшӡарақәа рҭаара.
Апроект хықәкы хада — аԥсуа диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, амилаҭтә бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи аҿар рыбжьара реиқәырхареи рӡыргареи.
Аәыла ахада иазгәеиҭеит, сынтәа алагер апрограмма шеиҭаку. Ҳџьынџьуаа хәыҷқәа Аԥсны рыҟазаара аамҭа иалагӡаны, аҭыԥантәи аҿари дареи раамҭа еицырхыргартә аҭагылазаашьа шаԥҵоу.

"Сгәы иаанагоит аиқәлацәа шәдунеихәаԥшышьа, аԥсҭазаара аицазхәыцра агәыбылреи аԥеиԥш азхәыцреи цәырнагап ҳәа", — иҳәеит атәыла ахада.
Бадра Гәынба иҳәеит, ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аԥсуа бызшәа зҵарц зҭаху рзы, аҳәынҭқарра хәыда-ԥсада алшара рзаԥнаҵартә аҭагылазаашьа шыҟоу атәы.