Ҩыџьа ауаа амшын иагеит Шәача, Лазаревтәи араион аҿы
15:16 28.07.2026 (ирҿыцуп: 15:42 28.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Ҩыџьа ауаа амшын иагеит Шәача, Лазаревтәи араион аҿы ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра.
Дара ԥхынгәы 27 рзы ашьха ӡиас Ԥсезуаԥсе шьапыла ирырц ианаҿыз, ацәқәырԥа иқәнаӡәӡәааит ҳәа рҳәеит Аладатәи арегионалтә ԥшаара-еиқәырхаратә отриад аҿы.
Иӡааҟәрылаз руаӡәук аиқәырхаҩцәа дырбеит агаҿа 50 метра инацәыхараны, аӡиас амшын иахьалало шәметрак набжьаны. Иара агаҿахь дааргеит, аха ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа имыхәеит. Ацхыраара лас аҳақьымцәа дшыԥсыз азгәарҭеит.
Аҩбатәи иԥшаара илашьцаанӡа иаҿын. Иахьа аԥшаарақәа ирыцҵоуп, уажәы урҭ ирылахәуп 17-ҩык ауааи 4 акк атехникеи.