https://sputnik-abkhazia.info/20260728/1064647051.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа ауаҩшьра ҟалеит.40 шықәса зхыҵуа араион ауаҩԥсы Елизбар Қриа ахәра иманы ахәышәтәырҭахь днаргеит ҳәа адырра ҟалеит аҩаша, асааҭ 12:25 рзы ҳәа... 28.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-28T18:01+0300
2026-07-28T18:01+0300
2026-07-28T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1c/1064646885_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_2a77b1498b182b30d4a066c6f6796dff.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа ауаҩшьра ҟалеит.40 шықәса зхыҵуа араион ауаҩԥсы Елизбар Қриа ахәра иманы ахәышәтәырҭахь днаргеит ҳәа адырра ҟалеит аҩаша, асааҭ 12:25 рзы ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.Ацәгьоура ҟалеит Лыхнытәи ахаҵәирҭаҿы. Қриа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Агәызҩара ззыҟоу, 40 шықәса зхыҵуа Денис Гагәылиа даанкылоуп. Аусҭҵаара иацҵоуп.
Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы еиҿкаау аҿар рлагер "Ахьышьтрахь" алахәылацәа дырԥылеит.Атәыла ахада иазгәеиҭеит апроект аҵак ду шамоу, избанзар уи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл акультуреи абзазареи рдырраз алшара рнаҭоит. Ареспублика анапхгара аринахысгьы адиаспора Аԥсны радԥхьалара иадҳәалоу аполитика иадгылалоит ҳәа иҳәеит Гәынба. Апроект хықәкы хада — аԥсуа диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, амилаҭтә бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи аҿар рыбжьара реиқәырхареи рӡыргареи.
Ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбари Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Аиԥылара аибадырратә ҟазшьа аман, аганқәа рыбжьара хаҭалатәи аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхан рҳәеит аусбарҭаҿы. Уаҟа иара убасгьы ирзааҭгылеит аинформациа аимдареи наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу актуалтә зҵаарақәа рзы аусқәа реишьашәалареи.
Аԥсуа бызшәа зҵарц зҭазу хәыда-ԥсада, ԥынгылада уи азы еснагь алшара имазароуп ҳәа азиԥхьаӡоит ААУ афилологиатә факультет адекан, Жәлар Реизара ҧасатәи адепутат Баҭал Хагәышь."Усҟан акандидат дызхысуа атестқәа еиҳа ирџьбаразар ҟалоит. Аха иахьазы урҭ рԥсыҽуп, абазатә дыррақәа ҳәа изышьҭоу рҭакқәа ҟарҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Афилологиатә факультет адекан иажәақәа рыла, иаԥсыуам ашколқәа ирылго аҵаҩцәа аԥсуа бызшәазы рдыррақәа хьысҳауп. Урҭ аԥсшәа аҵаразы аҭагылазаашьа еиԥынкылан ирымазар ахәҭоуп иҳәеит иара."Арҵаҩцәа роума, аҵаҩцәа роума, ҳара зегьы еилаҳкаауазароуп аԥсшәа пату ақәымҵара ҳахьнанаго", — иҳәеит Хагәышь.
Ҩыџьа ауаа амшын иагеит Шәача, Лазаревтәи араион аҿы.Дара ԥхынгәы 27 рзы ашьха ӡиас Ԥсезуаԥсе шьапыла ирырц ианаҿыз, ацәқәырԥа иқәнаӡәӡәааит ҳәа рҳәеит Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә ԥшаара-еиқәырхаратә отриад аҿы.Иӡааҟәрылаз руаӡәук аиқәырхаҩцәа дырбеит агаҿа 50 метра инацәыхараны, аӡиас амшын иахьалало шәметрак набжьаны. Иара агаҿахь дааргеит, аха ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа имыхәеит. Ацхыраара лас аҳақьымцәа дшыԥсыз азгәарҭеит.Аҩбатәи иԥшаара илашьцаанӡа иаҿын. Иахьа аԥшаарақәа ирыцҵоуп, уажәы урҭ ирылахәуп 17-ҩык ауааи 4 акк атехникеи.
Гәдоуҭа ауаҩшьра ҟалеит.40 шықәса зхыҵуа араион ауаҩԥсы Елизбар Қриа ахәра иманы ахәышәтәырҭахь днаргеит ҳәа адырра ҟалеит аҩаша, асааҭ 12:25 рзы ҳәа аанацҳауеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра.Ацәгьоура ҟалеит Лыхнытәи ахаҵәирҭаҿы. Қриа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Агәызҩара ззыҟоу, 40 шықәса зхыҵуа Денис Гагәылиа даанкылоуп. Аусҭҵаара иацҵоуп. Бадра Гәынба ҳџьынџьуаа рхәыҷқәа рзы еиҿкаау аҿар рлагер "Ахьышьтрахь" алахәылацәа дырԥылеит.Атәыла ахада иазгәеиҭеит апроект аҵак ду шамоу, избанзар уи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рҭоурыхтә ԥсадгьыл акультуреи абзазареи рдырраз алшара рнаҭоит. Ареспублика анапхгара аринахысгьы адиаспора Аԥсны радԥхьалара иадҳәалоу аполитика иадгылалоит ҳәа иҳәеит Гәынба. Апроект хықәкы хада — аԥсуа диаспореи рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадара арӷәӷәара, амилаҭтә бызшәеи, акультуреи, атрадициақәеи аҿар рыбжьара реиқәырхареи рӡыргареи. Ашәарҭадара аусхк аҟны аусеицура иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбари Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови. Аиԥылара аибадырратә ҟазшьа аман, аганқәа рыбжьара хаҭалатәи аимадарақәа рышьақәыргылара иазырхан рҳәеит аусбарҭаҿы. Уаҟа иара убасгьы ирзааҭгылеит аинформациа аимдареи наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу актуалтә зҵаарақәа рзы аусқәа реишьашәалареи. Аԥсуа бызшәа зҵарц зҭазу хәыда-ԥсада, ԥынгылада уи азы еснагь алшара имазароуп ҳәа азиԥхьаӡоит ААУ афилологиатә факультет адекан, Жәлар Реизара ҧасатәи адепутат Баҭал Хагәышь."Усҟан акандидат дызхысуа атестқәа еиҳа ирџьбаразар ҟалоит. Аха иахьазы урҭ рԥсыҽуп, абазатә дыррақәа ҳәа изышьҭоу рҭакқәа ҟарҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Афилологиатә факультет адекан иажәақәа рыла, иаԥсыуам ашколқәа ирылго аҵаҩцәа аԥсуа бызшәазы рдыррақәа хьысҳауп. Урҭ аԥсшәа аҵаразы аҭагылазаашьа еиԥынкылан ирымазар ахәҭоуп иҳәеит иара."Арҵаҩцәа роума, аҵаҩцәа роума, ҳара зегьы еилаҳкаауазароуп аԥсшәа пату ақәымҵара ҳахьнанаго", — иҳәеит Хагәышь. Ҩыџьа ауаа амшын иагеит Шәача, Лазаревтәи араион аҿы.Дара ԥхынгәы 27 рзы ашьха ӡиас Ԥсезуаԥсе шьапыла ирырц ианаҿыз, ацәқәырԥа иқәнаӡәӡәааит ҳәа рҳәеит Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә ԥшаара-еиқәырхаратә отриад аҿы.Иӡааҟәрылаз руаӡәук аиқәырхаҩцәа дырбеит агаҿа 50 метра инацәыхараны, аӡиас амшын иахьалало шәметрак набжьаны. Иара агаҿахь дааргеит, аха ареанимациатә усмҩаԥгатәқәа имыхәеит. Ацхыраара лас аҳақьымцәа дшыԥсыз азгәарҭеит.Аҩбатәи иԥшаара илашьцаанӡа иаҿын. Иахьа аԥшаарақәа ирыцҵоуп, уажәы урҭ ирылахәуп 17-ҩык ауааи 4 акк атехникеи.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/07/1c/1064646885_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_979143019f3db1d28ddd69bb439b9725.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио