Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Рфонд асоциалтә ҭакԥхықәрақәа зегьы нанагӡеит
19:22 28.07.2026 (ирҿыцуп: 19:46 28.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа абиуџьетнҭыҵтәи Рфонд 2026 шықәса актәи азбжаз асоциалтә ҭакԥхықәрақәа зегьы нанагӡеит.
Абри атәы иҳәеит Афонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба аԥыза-министр Владимир Делбеи иареи русуратә еиԥылараҿы.
Аиԥылараҿы иалацәажәеит аибашьра аинвалидцәа ргәаҭара, рыхәшәтәра, рыцхраара, иара убасгьы, ихымԥадатәу хәшәыла ианаамҭоу реиқәыршәара азҵаарақәа.
Владимир Делба Афонд анапхгара имҩаԥнаго аусуразы ҭабуп ҳәа раҳәеит, иазгәеиҭеит аибашьра аинвалидцәа, Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы, зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхыраара рзеиҿкаара шхымԥадатәиу.