Лыхны ақыҭан инхо Елизбар Қриа ишьра инамаданы ашьауӷатә ус хацыркуп
19:36 28.07.2026 (ирҿыцуп: 19:48 28.07.2026)

© Depositphotos.com / BrianAJackson
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Лыхны ақыҭан инхо Елизбар Қриа ишьра инамаданы ашьауӷатә ус хацыркуп.
Аусеилыргара излаҳәо ала, ԥхынгәымза 28, 12:00 сааҭ шыҟаз еиԥш, Лыхны ақыҭа уахьабжьало Харазиа имҩаду аҿы, 1986 шықәсазы ииз Елизбар Қриа иеихсит, иара убасгьы, иҵару ԥҟагала дырхәит. Қриа иауз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.
Ацәгьоуразы агәызҩара идны даанкылоуп, Лыхны ақыҭан инхо, 1986 шықәсазы ииз Денис Гагәылиа.
Гәдоуҭатәи араионтә прокуратуреи Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, ацәгьоура ашьақәырӷәӷәареи, уи иацыз ауаа рыԥшаареи, раанкылареи ирызку ирццаку аусеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа ирҿуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Аҭыԥ аҟны иԥшаауп 7,62 мм зыгәҭаӡоу агильзақәа ԥшьба.