Арра-патриоттә лагер аатит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҵакыраҿы
22:07 28.07.2026 (ирҿыцуп: 11:54 31.07.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 28 — Sputnik. Сергеи Дбар ихьӡ зху арра-патриоттә лагер аатит Аҟәа, К.Ф. Ӡиӡариа ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә лицеи-интернат аҵакыраҿы.
Алагер аартра иалахәын Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа, аминистрра егьырҭ ахаҭарнакцәа, Очамчыра араион аҵара аҟәша рхаҭарнакцәа.
Асасцәа алагер аматериал-техникатә база иахәаԥшит, FPV-дронқәеи БпЛА-и рнапхгараҭара дырҵаразы акласс иаҭааит, иара убас атактикатәи, абаҩрҵәыреи, алагарҭатә арратә ҽазыҟаҵареи рзы апрактикатә зыҟаҵарақәа ирыхәаԥшит.
Актәи асмена иалахәуп ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи 81-ҩы ашколхәыҷқәа.
Алагер алахәылацәа иҭырҵаалоит арра-хархәаратә дисциплинақәа, FPV-дронқәеи БпЛА-и рнапхгараҭара ашьаҭақәа, ирзыҧшуп атактикатәи абаҩрҵәыратәи ҽазыҟаҵарақәа, иара убас рхы аладырхәлоит акультуратә усмҩаԥгатәқәеи аветеранцәа рԥыларақәеи.