https://sputnik-abkhazia.info/20260729/akhylarch-shkaka-zkhou-aiaa-ashbybk-ialou-akharara-iazkny-1064656129.html
"Ахылԥарч шкәакәа зхоу аҵиаа": ашәҭбыбк иалоу ахәарҭара иазкны
"Ахылԥарч шкәакәа зхоу аҵиаа": ашәҭбыбк иалоу ахәарҭара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсабара иашаз аҵиаа ашәҭбыбк иазкхоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал. 29.07.2026, Sputnik Аҧсны
2026-07-29T08:30+0300
2026-07-29T08:30+0300
2026-07-29T22:49+0300
аԥсны
аԥсны
жәлар рдоуҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103017/38/1030173883_0:160:3072:1888_1920x0_80_0_0_b4583bdbd3c5a54d31dd78e25c80c6e1.jpg
Ҳакәша-мыкәша иҟоу аԥсабара "амаӡақәа акәа иҭаршәуп". Абнақәа, адәҳәыԥшқәа, абаҳчақәа рҿы ахәышәтәратә ҟазшьа змоу аҵиаақәа рацәоуп. Зны-зынла ҳааигәа изызҳауа аҵиаақәа ирылоу ахәарҭара хырҩаа аҳҭаӡом. "Ауаҩы деиқәзырхаша ахәшә иааҵраҿ иҟоуп" ҳәа аламала ишырымҳәо ҳхашҭуеит. Иԥшӡаӡа адгьыл иқәиаауа ҳаскьын ҵиаауп − ашәҭбыбк (урысшәала "одуванчик"). Мшаԥымза анҵәамҭа инаркны ҽаҩраҭагаланынӡа иҩежьӡа ишәҭуеит. Ашәҭқәа уахынла рҽеикәарыԥсоит, ҽынла иаатуеит. Ашәҭ ҩежьқәа рыԥштәы анеиҭарклак, икәылпылӡа, ибыбышӡа ахылԥарч шкәакәа ахазшәа иааҟалоит. Аԥша анаслак, иааҿышәшәаны, "цыгәхыршәҭ" ҟаҵо ажәла ҟьауа хара ицоит. Ашәҭбыбк ахәҭақәа зегь рахьтә изҩыдоуп адацқәа. Урҭ еиныргалоит ааԥынразы, ма ҽаҩраҭагалан аҵиаа абыӷьқәа анхҩаалак ашьҭахь. Иҵху адацқәа рыцқьаны иӡәӡәаны хԥа-ԥшьба мшы идырканӡоит ашәшьыраҿы, анаҩс ибзианы идырҩоит ауадаҿы. Ашәҭбыбки жәлар рмедицинеиАҵарауаҩ Валери Кәарҷиа ишәҟәы "Аусумҭақәа реизга. I атом" аҟны абас иҩуеит: "Ашәҭбыбк адацқәа ашоуп, аха уаҩы иԥырхагам амаҭәашьарқәа ахьалоу иабзоураны згәаҵәа зыхьуеи, амаасил змоуи, зыца зыхьуеи, акрыфара згәамԥхои рхы иадырхәоит. Уи азы ачаимҳаҵә азна иҟәаҟәоу адацқәа ҵәыцак аӡы аҵаҭәаны 20 минуҭ идыршуеит. Аихарш аныхьшәашәалак идраӡоит. Иржәуеит акрыфара аԥхьа, 50 грамм ҽнак ԥшьынтә. Мамзаргьы иҟаҵатәуп аиҵарԥхьа (азгә. "настойка"). Уи азы ҩ-чаимҳаҵәк рызна адацқәа ҵәыцак аӡыхьшәашәа аҵаҭәаны 8 сааҭк еиҵарԥхьатәуп. Аиҵарԥхьа ржәуеит ҽнак ԥшьынтә, акрыфара аԥхьа". Аԥсуа хәшәқәа рыҭҵаараҟны аџьа збахьаз аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика" аҿы иазгәалҭоит: Аԥхыӡқәа рдунеи ахьтәАхыркәшамҭазы ҳәамҭак Аматериал ахыркәшамҭазы иасырбар сҭахуп сыстудент аамҭақәа раан ианысҵахьаз ҳәамҭа хәыҷык. Баҳчак аҿы агәил шәҭқәа ирызҳауан. Аԥшәмаԥҳәыс урҭ дрыхӡыӡаауа, "рыгәшәымшә" ҳәо илааӡон. Ицон аамҭа. Агәилқәа рхы еидкыла, иҽырба-кәырбо, рыфҩы лаҳалаҳауа абаҳча иҭагылан. Аха ҽнак зны аԥшәмаԥҳәыс даарыдыххылан, лылаԥш иааҵашәаз агәилқәа ааҿахыҵәҵәаны илыма аҩныҟа дцеит. Гәил заҵәык ада. Илцәынхаз агәил аҩызцәа ирызгәыкуа, амала адунеи иқәхеит. Есыҽны "алаӷырӡ ҭыкәкәа", "лахьынҵа цәгьа шԥасзыԥшыз" ҳәа ахы иахашшаауан. Инацәыхарамкәа ашәҭбыбк гылазаарын. Уи агәил ажәақәа агәаҵанӡа инеит. – Умшәан, аҩыза! Ара, уааигәа сыҟоуп! – ҳәа ҿаанаҭит иара. – Уазусҭада? – аԥхьа иазымбатәбарахеит агәил. Убри нахыс ашәҭбыбки агәили еиқәҿырҭуа иалагеит, аиҩызара рыбжьалеит. Агәилгьы уаанӡа излаханы иҟаз азаҵәреи агәырҩеи ахыԥсааит. Абасала "ажәа хаа" ахәрақәа рырӷьара алшозаап.
https://sputnik-abkhazia.info/20211010/Amsh-atsgakhara-aanaznakua-asaat-ryla-iaarshu-zhlar-razgaaraa-1033365348.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220601/atest-amsh-zeishrakho-ailkaarazy-zhlar-razgaaraa-zhdyruama-1039247381.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/103017/38/1030173883_171:0:2902:2048_1920x0_80_0_0_e8a67e8932634a3f3ceb35bb3e62b839.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Сусанна Ҭаниаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/04/09/1032182915_625:0:2361:1736_100x100_80_0_0_20fdbae083b5d4c73ddeaa0f8d48a43b.jpg
аԥсны, жәлар рдоуҳа
"Ахылԥарч шкәакәа зхоу аҵиаа": ашәҭбыбк иалоу ахәарҭара иазкны
08:30 29.07.2026 (ирҿыцуп: 22:49 29.07.2026) Сусанна Ҭаниаԥҳа
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ
Аԥсабара иашаз аҵиаа ашәҭбыбк иазкхоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал.
Ҳакәша-мыкәша иҟоу аԥсабара "амаӡақәа акәа иҭаршәуп". Абнақәа, адәҳәыԥшқәа, абаҳчақәа рҿы ахәышәтәратә ҟазшьа змоу аҵиаақәа рацәоуп.
Зны-зынла ҳааигәа изызҳауа аҵиаақәа ирылоу ахәарҭара хырҩаа аҳҭаӡом. "Ауаҩы деиқәзырхаша ахәшә иааҵраҿ иҟоуп" ҳәа аламала ишырымҳәо ҳхашҭуеит.
Иԥшӡаӡа адгьыл иқәиаауа ҳаскьын ҵиаауп − ашәҭбыбк (урысшәала "одуванчик"). Мшаԥымза анҵәамҭа инаркны ҽаҩраҭагаланынӡа иҩежьӡа ишәҭуеит. Ашәҭқәа уахынла рҽеикәарыԥсоит, ҽынла иаатуеит. Ашәҭ ҩежьқәа рыԥштәы анеиҭарклак, икәылпылӡа, ибыбышӡа ахылԥарч шкәакәа ахазшәа иааҟалоит. Аԥша анаслак, иааҿышәшәаны, "цыгәхыршәҭ" ҟаҵо ажәла ҟьауа хара ицоит.
Ашәҭбыбк ахәҭақәа зегь рахьтә изҩыдоуп адацқәа. Урҭ еиныргалоит ааԥынразы, ма ҽаҩраҭагалан аҵиаа абыӷьқәа анхҩаалак ашьҭахь. Иҵху адацқәа рыцқьаны иӡәӡәаны хԥа-ԥшьба мшы идырканӡоит ашәшьыраҿы, анаҩс ибзианы идырҩоит ауадаҿы.
Ашәҭбыбки жәлар рмедицинеи
Аҵарауаҩ Валери Кәарҷиа ишәҟәы "Аусумҭақәа реизга. I атом" аҟны абас иҩуеит: "Ашәҭбыбк адацқәа ашоуп, аха уаҩы иԥырхагам амаҭәашьарқәа ахьалоу иабзоураны згәаҵәа зыхьуеи, амаасил змоуи, зыца зыхьуеи, акрыфара згәамԥхои рхы иадырхәоит. Уи азы ачаимҳаҵә азна иҟәаҟәоу адацқәа ҵәыцак аӡы аҵаҭәаны 20 минуҭ идыршуеит. Аихарш аныхьшәашәалак идраӡоит. Иржәуеит акрыфара аԥхьа, 50 грамм ҽнак ԥшьынтә. Мамзаргьы иҟаҵатәуп аиҵарԥхьа (азгә. "настойка"). Уи азы ҩ-чаимҳаҵәк рызна адацқәа ҵәыцак аӡыхьшәашәа аҵаҭәаны 8 сааҭк еиҵарԥхьатәуп. Аиҵарԥхьа ржәуеит ҽнак ԥшьынтә, акрыфара аԥхьа".
Аԥсуа хәшәқәа рыҭҵаараҟны аџьа збахьаз аҵарауаҩ Светлана Наҷҟьебиаԥҳа лышәҟәы "Жәлар рмедицина алексика" аҿы иазгәалҭоит:
Ашәҭбыбк абыӷьқәа рҩаны, иҟәаҟәатәуп асақә (азгә. "пудра") еиԥшха, игәӡаны. Ари аҩыза ахәшә ахәра иаҿарыԥсон, лассы иӷьаразы.
Ашәҭбыбк ауаткаҿы еицарԥхьаны иҟарҵон, уи аиҵарԥхьа абаҩ хьааи абарбаци (азгә. "аллергия") ирыхәшәын.
Ашьац иаҵәараҿ ашәҭбыбкқәа ирызҳауа ԥхыӡ ижәбазар - аманшәалара, аԥсҭазаараҿы аиҭакра бзиақәа ирызҳәоуп.
Ԥхыӡла ихҩааз ашәҭбыбкқәа реизгара шәаҿызҭгьы, шәгәы иҭакны ишәымаз уск аиԥҟьара иатәуп.
Аматериал ахыркәшамҭазы иасырбар сҭахуп сыстудент аамҭақәа раан ианысҵахьаз ҳәамҭа хәыҷык.
Баҳчак аҿы агәил шәҭқәа ирызҳауан. Аԥшәмаԥҳәыс урҭ дрыхӡыӡаауа, "рыгәшәымшә" ҳәо илааӡон. Ицон аамҭа. Агәилқәа рхы еидкыла, иҽырба-кәырбо, рыфҩы лаҳалаҳауа абаҳча иҭагылан.
Аха ҽнак зны аԥшәмаԥҳәыс даарыдыххылан, лылаԥш иааҵашәаз агәилқәа ааҿахыҵәҵәаны илыма аҩныҟа дцеит. Гәил заҵәык ада.
Илцәынхаз агәил аҩызцәа ирызгәыкуа, амала адунеи иқәхеит. Есыҽны "алаӷырӡ ҭыкәкәа", "лахьынҵа цәгьа шԥасзыԥшыз" ҳәа ахы иахашшаауан.
Инацәыхарамкәа ашәҭбыбк гылазаарын. Уи агәил ажәақәа агәаҵанӡа инеит.
– Умшәан, аҩыза! Ара, уааигәа сыҟоуп! – ҳәа ҿаанаҭит иара.
– Уазусҭада? – аԥхьа иазымбатәбарахеит агәил.
Убри нахыс ашәҭбыбки агәили еиқәҿырҭуа иалагеит, аиҩызара рыбжьалеит. Агәилгьы уаанӡа излаханы иҟаз азаҵәреи агәырҩеи ахыԥсааит.
Абасала "ажәа хаа" ахәрақәа рырӷьара алшозаап.