Синоптәи апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакәаба ихьӡ ахҵахоит
12:22 30.07.2026 (ирҿыцуп: 13:04 30.07.2026)

© Foto / Академия наук Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 30 — Sputnik. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Апрезидиум адгылара анаҭеит Синоптәи апарк аҿы иҟоу аллеиақәа руак Станислав Лакәаба ихьӡ ахҵаразы аԥшьгамҭа.
ААҭРА ахада Зураб Џьапуа иазгәеиҭеит ари аӡбамҭа апарк азеиԥш ҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраар шалшо, избанзар иуникалтәу афлора аиҷаҳара шхымԥадатәиу азхьаԥшра анаҭоит.
Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа иазгәеиҭеит, аҭоурыхҭҵааҩ ду игәалашәара иазкны апарк ҿыц аԥҵарагьы шалшо.
Аилатәараҿы иазгәаҭан аҳәынҭқарратә комиссиа апарк зегьы ахьӡ аԥсахреи Аҟәа ахадара абаланс ахь аиагареи рзы уаанӡатәи ааԥхьара мап шацәыркыз.