Жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр раԥхьаӡакәны Пицундатәи ауахәамаҿы иқәгылеит
12:20 31.07.2026 (ирҿыцуп: 12:41 31.07.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Пицундатәи афестиваль жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр раԥхьаӡакәны Пицундатәи ауахәамаҿы иқәгылеит ԥхынгәы 30 рзы.
Аконцерт Альфред Шнитке, Бернхард Хенрик Круссель, Иоганнес Брамс, Бенџьамин Бриттен, Камиль Сен-Санс рырҿиамҭақәа рыла ишьақәгылан.

Ахәылԥаз аҿы ахкынагӡаҩцәас иҟант Александр Книазев, Ельмира Караханова, Артиом Ваниан. Асахьаркыратә напхгаҩы — Барас Кәыџба.
Иара убри амш азы Пицундатәи ауахәамаҿы Иван Царев инаигӡоз ауарӷантә музыка аконцертгьы мҩаԥысит.
IV Пицундатәи афестиваль мҩаԥыслоит нанҳәа 1-нӡа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны иқәгылахьеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хортә капелла, Москватәи аконсерваториа акамертә хор, акамертә оркестр Vera Arte.
Афестиваль иахьа иацҵахоит ауарӷантә музыка аконцерти Жәларбжьаратәи асимфониатә оркестр ақәгылареи рыла. Нанҳәа 1 азы имҩаԥгахоит В.А. Берлински ихьӡ зху аквартет ауарӷантә аккомпанемент аконцерти афестиваль аркреи.