00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
30 мин
21:00
31 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
30 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
30 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Хаб Алашарбага" аатит аҟәатәи алашарбага ахылаԥшҩы еиҭашьақәыргылоу иҩны аҟны

© Sputnik / Томас Тхайцук Пицундский маяк
Пицундский маяк - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.08.2026
Анапаҵаҩра
"Хаб Алашарбага" - Алашарбага аҳаблаҿ иҟоу, 1879 шықәсазы иргылаз, 1997 шықәсазы амшцәгьа аан ааха зауз аҩны, аҭоурых-культуратә ҭынха ахыбрақәа ирхыԥхьаӡалоуп.
АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Ауаажәларратә ҵакыра "Хаб Алашарбага" аатит аҟәатәи алашарбага ахылаԥшҩы еиҭашьақәыргылоу иҩны аҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков иазгәеиҭеит, ас еиԥш иҟоу аҭыԥқәа Урыстәыла еиԥш Аԥсынгьы ишхымԥадатәиу.
"Аҿар рацәоуп, аԥшьгарақәа рацәоуп, урҭ зегьы ирзыманшәалахаша аҭыԥ ыҟазар бзиоуп. Ҳәарада, ари ҭоурыхтә ҭыԥуп, даара аинтерес аҵоуп, илашоуп", — иҳәеит иара.
Адипломат иажәақәа рыла, апроект Аԥсны ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла ахада игрантқәа Рфонд рыцхыраарала инагӡоуп.

Аԥсны Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иазгәеиҭеит, "Хаб Алашарбага" Аҟәатәи абааи аԥшаҳәеи иахьрыҵаркуа иаку ауаажәларратә ҭыԥны, атәыла аҭоурых аларҵәара иацхраауа акакәны ишыҟало.

Ахыбра аиҭашьақәыргылара иалахәу, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Аекологиа аинститут адиректор Роман Дбар агәыӷра ааирԥшит, аҭыԥ есааира еиҳагьы аҽаԥсахлоит ҳәа.

Ахылаԥшҩы иҩны аиҭашьақәыргылара ахада игрантқәа Рфонд ацхыраарала еиҿкаау аицлабра "Аԥсны арҿиаҩцәа" аҿы аиааира згаз апроектқәа ируакхеит. Апроект анапхгаҩы — Михаил Қриа, иара иажәақәа рыла, хықәкы хадас иҟоу ахыбра ахархәара аманы, анаҩстәи аилабгара ацәыхьчара ауп.

1879 шықәсазы иргылаз, 1997 шықәсазы амшцәгьа аан ааха зауз аҩны, аҭоурых-культуратә ҭынха ахыбрақәа ирхыԥхьаӡалоуп. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь уаҟа аҭыԥ роуеит амузеи, аковоркинг, аекологиатә клуб, аҵаратәи акультуратәи усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгарҭа ҭыԥ.
Ажәабжьқәа зегьы
0