Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 320 ҭадырхеит
09:25 04.08.2026 (ирҿыцуп: 12:11 04.08.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 320 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Волгоградтәи, Калугатәи, Липецктәи, Ленинградтәи, Курсктәи, Ростовтәи, Орловтәи, Псковтәи, Риазантәи, Смоленсктәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәа рҿы.
Уи адагьы, адронқәа ҭархоуп Москватәи арегиони Ҟрыми.
Иара убасгьы, Подмосковие аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ржәылара иахҟьаны хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит, жәаҩык ахәрақәа рымоуп.