https://sputnik-abkhazia.info/20260803/1064754234.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа... 03.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-03T18:01+0300
2026-08-03T18:01+0300
2026-08-03T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/03/1064754068_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_0b9bf25d59311bcb7c6cc21957a1e739.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит... " амузыкатә ҟазара адагьы иааидкыланы Аԥсны аӡбахә аларҵәара иазырхоуп ҳәа. "Жәаҳәарада, ари Аԥсны азы зынӡа даҽа ӡбахәуп, даҽа лшароуп, ахәҭакахьала, адунеи зегьы еицџьаршьо шәыбжьала. Насыԥуп ҳажәлар еиҳа иԥшӡаны, еиҳа илашаны иҟазҵо ауаҩы дахьҳамоу", — азгәеиҭеит Гәынба. Аоператә шәаҳәаҩы аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит лыпроектқәа иарҭо адгылареи азҿлымҳареи рзы.
Урыстәылауаа аӡәырҩы Аԥсны рыԥсшьара РУСДРАМ аҭаара иадырҳәалоит, абри атәы лҳәеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи лареи реиԥылараан. "Гәахәароуп, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс театр ссир ахьҳамоу. Урыстәыла абриаҟара иҟоу адраматә театр ссирқәа ҳаспектакльқәа ахьрыдыркылаз зеиԥш ыҟам хҭысуп", — лҳәеит лара. Гьерзмааԥҳа лажәақәа рыла, РУСДРАМ "Софичка" Москва ианыддырба ашьҭахь, аӡәырҩы хаҭала илзырҩуан Аԥсны иахәаԥшразы агәҭакы шроуз азы.
Аицлабра "Росмолодежь. Агрантқәа" аҩбатәи ахәҭахьы арзаҳалқәа рыдкылара аартуп. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 14-35 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаа. Апроектқәа рынашьҭра ҟалоит цәыббра 15 рҟынӡа, абри азхьарԥш ала. Агрант иреиҳаӡоу — миллион мааҭ инаӡоит. Иара убас, арзаҳал нарышьҭыр иҳаҩсыз аамҭахәҭақәа рҿы аиааира згаз, урҭ рыпроектқәа рынагӡара хдыркәшазар, иахәҭоу аҳасабырба ҟарҵахьазар. Аицлабра асоциалтә, аҵаратә, акультуратә, хатәгәаԥхаралатәи уҳәа аҿартә аԥшьгарақәа рынагӡаразы афинанстә цхыраара аиуразы алшара ҟанаҵоит.
Аԥырҩы дызҭам авиацатә система Аԥсны абжьаратә школқәа зегьы рҟны аҵаратә программа иалагалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Аҵара министрра абҩарҵәыреи аррамаҵура азыҟаҵареи рыҟәша аспециалист еиҳабы Беслан Мышәба."Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа авиациазы аоператорцәа абжьаратә школқәа рҟны иддырҵаратәы иҟоуп. Апрограмма иалагалатәуп, аха уи ахарџь рацәаны иаҭахуп: уи иақәшәо акомпиутер, абласаркьақәа, адрон маҷқәа умазароуп", — иҳәеит иара. Уаҵәы алҵшәа ҟаларц азы - иахьа аус ашьаҭа арктәуп ҳәа агәаанагара имоуп Мышәба.
Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәаҭара аҳаҭыраз апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа рыбжьара аицлабра рыланаҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи. Ацәыргақәҵатә зал анапхгаҩы Илона Анқәабԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, аицлабра иалахәхо аусумҭақәа зегьы Гәдоуҭеи Гәдоуҭа араиони ирызкызар ауп. Убри аан асахьақәа анҭыхыз аамҭа зхьарԥшра амаӡам. Алахәылацәа русумҭақәа цәыргахоит цәыббра 1-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу ацәыргақәҵаҿы. Аиааира згаз аҭааҩцәа ишьақәдыргылоит: иргәаԥхаз асахьақәа рзы рыбжьы рҭиуеит, авторцәа рыхьӡқәа иҷыдоу акәалаԥ иҭадырршәуеит.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба дидикылеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Атәыла ахада иазгәеиҭеит афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит... " амузыкатә ҟазара адагьы иааидкыланы Аԥсны аӡбахә аларҵәара иазырхоуп ҳәа. "Жәаҳәарада, ари Аԥсны азы зынӡа даҽа ӡбахәуп, даҽа лшароуп, ахәҭакахьала, адунеи зегьы еицџьаршьо шәыбжьала. Насыԥуп ҳажәлар еиҳа иԥшӡаны, еиҳа илашаны иҟазҵо ауаҩы дахьҳамоу", — азгәеиҭеит Гәынба. Аоператә шәаҳәаҩы аҳәынҭқарра ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит лыпроектқәа иарҭо адгылареи азҿлымҳареи рзы. Урыстәылауаа аӡәырҩы Аԥсны рыԥсшьара РУСДРАМ аҭаара иадырҳәалоит, абри атәы лҳәеит Аԥсни Урыстәылеи Жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. Аԥсны ахада Бадра Гәынбеи лареи реиԥылараан. "Гәахәароуп, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс театр ссир ахьҳамоу. Урыстәыла абриаҟара иҟоу адраматә театр ссирқәа ҳаспектакльқәа ахьрыдыркылаз зеиԥш ыҟам хҭысуп", — лҳәеит лара. Гьерзмааԥҳа лажәақәа рыла, РУСДРАМ "Софичка" Москва ианыддырба ашьҭахь, аӡәырҩы хаҭала илзырҩуан Аԥсны иахәаԥшразы агәҭакы шроуз азы. Аицлабра "Росмолодежь. Агрантқәа" аҩбатәи ахәҭахьы арзаҳалқәа рыдкылара аартуп. Уи рхы аладырхәыр рылшоит 14-35 шықәса зхыҵуа Аԥсны атәылауаа. Апроектқәа рынашьҭра ҟалоит цәыббра 15 рҟынӡа, абри азхьарԥш ала. Агрант иреиҳаӡоу — миллион мааҭ инаӡоит. Иара убас, арзаҳал нарышьҭыр иҳаҩсыз аамҭахәҭақәа рҿы аиааира згаз, урҭ рыпроектқәа рынагӡара хдыркәшазар, иахәҭоу аҳасабырба ҟарҵахьазар. Аицлабра асоциалтә, аҵаратә, акультуратә, хатәгәаԥхаралатәи уҳәа аҿартә аԥшьгарақәа рынагӡаразы афинанстә цхыраара аиуразы алшара ҟанаҵоит. Аԥырҩы дызҭам авиацатә система Аԥсны абжьаратә школқәа зегьы рҟны аҵаратә программа иалагалатәуп ҳәа иԥхьаӡоит Аҵара министрра абҩарҵәыреи аррамаҵура азыҟаҵареи рыҟәша аспециалист еиҳабы Беслан Мышәба."Аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа авиациазы аоператорцәа абжьаратә школқәа рҟны иддырҵаратәы иҟоуп. Апрограмма иалагалатәуп, аха уи ахарџь рацәаны иаҭахуп: уи иақәшәо акомпиутер, абласаркьақәа, адрон маҷқәа умазароуп", — иҳәеит иара. Уаҵәы алҵшәа ҟаларц азы - иахьа аус ашьаҭа арктәуп ҳәа агәаанагара имоуп Мышәба. Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәаҭара аҳаҭыраз апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәа рыбжьара аицлабра рыланаҳәеит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи. Ацәыргақәҵатә зал анапхгаҩы Илона Анқәабԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, аицлабра иалахәхо аусумҭақәа зегьы Гәдоуҭеи Гәдоуҭа араиони ирызкызар ауп. Убри аан асахьақәа анҭыхыз аамҭа зхьарԥшра амаӡам. Алахәылацәа русумҭақәа цәыргахоит цәыббра 1-6 рзы имҩаԥысраны иҟоу ацәыргақәҵаҿы. Аиааира згаз аҭааҩцәа ишьақәдыргылоит: иргәаԥхаз асахьақәа рзы рыбжьы рҭиуеит, авторцәа рыхьӡқәа иҷыдоу акәалаԥ иҭадырршәуеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/03/1064754068_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5ec56bd8cf907897a833d218e7eaf3fe.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио