Аԥсни Урыстәылеи русеицура иалацәажәеит АдәАР жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хадеи
14:04 04.08.2026 (ирҿыцуп: 16:41 04.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Аганқәа азааҭгылеит агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, еицырзеиԥшу ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа, ирылацәажәеит апроект ҿыцқәа.
АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Савелиеви.
Урҭ азааҭгылеит агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, еицырзеиԥшу ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа, ирылацәажәеит апроект ҿыцқәа.
"Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аконструктивтә диалог ацҵареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа ирықәшәо апартниортә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи аҩганк рҟынтәи азҿлымҳара шрымоу", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.