https://sputnik-abkhazia.info/20260804/1064781418.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ауаарацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгара ахылаԥшразы ареидқәа ҩаԥхьа ирылагеит. Азинхьчаҩцәа акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы апрофилактикатә... 04.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-04T18:01+0300
2026-08-04T18:01+0300
2026-08-04T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/04/1064781252_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_f7ce8b78bacb086039206501bf2c3d66.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны ауаарацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгара ахылаԥшразы ареидқәа ҩаԥхьа ирылагеит. Азинхьчаҩцәа акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, арыжәтә ыжәны, ма арҩашьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы абџьар змоу атәылауаа аадырԥшуеит. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгахоит ҳәа азгәеиҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Лоу Инал-иԥа. Азинеилагаҩцәа рабџьари уи аныҟәгареи аҵәахреи рзы азини рымырхуеит
Гал араион Хьацҳа ақыҭан иажәхьоу аҳақәа реиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеит. Аенергетикцәа ажәытә фымцацәаҳәақәа ҳаамҭазтәи ихьчоу цәаҳәала ирыԥсахуеит, аихабетонтә шьаҟа ҿыцқәа ықәдыргылоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч"."Иарбоу апроект анагӡара ахархәаҩцәа фымцалашарала реиқәыршәара уақәгәыӷыртә аҩаӡара ашьҭыхра, атехникатәи акоммерциатәи цәыӡқәа рырмаҷра, аихшаратә ҳақәа еиҳа хра рыманы рхархәара алнаршоит", — ҳәа азгәеиҭеит анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Георги Гвилиа. Атрансформатортә станциа маҷ №7 аҿы аусурақәа хыркәшоуп, астанциа маҷ №4 аҿы хара имгакәа ихыркәшахоит. Иаарласны аҳасаббаратә хархәагақәа рышьақәыргыларагьы иалагоит.
Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Савелиеви. Урҭ азааҭгылеит агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, еицырзеиԥшу ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа, ирылацәажәеит апроект ҿыцқәа. "Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аконструктивтә диалог ацҵареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа ирықәшәо апартниортә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи аҩганк рҟынтәи азҿлымҳара шрымоу", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
"Аԥсны акомандеи" "Жәлар рдипломатиа ацентри" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аусшәҟәы иҳәаақәнаҵоит аҵарадырреи акультуреи русхкқәа рҿы еизакхо аусеицура ахырхарҭа хадақәа ҳәа азгәеиҭеит "Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалыиа."Избанзар, аҵаралашареи наҟ- ааҟтәи акультуратә беиареи роуп ауааи ажәларқәеи рыбжьара аилибакааразы зегь реиҳа узықәгәыӷша мҩаны иҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа. Аԥсны иҟоу "Жәлар рдипломатиа ацентр" афилиал акоординатор Валериа Мановицкаиа иазгәалҭеит, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишьақәгылахьоу аиҩызаратә еимадарақәа шышьақәнарӷәӷәо.
Аԥсны ауаарацәа ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы абџьар аныҟәгара ахылаԥшразы ареидқәа ҩаԥхьа ирылагеит. Азинхьчаҩцәа акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи рҿы апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит, арыжәтә ыжәны, ма арҩашьыгатә маҭәашьарқәа зыдкыланы абџьар змоу атәылауаа аадырԥшуеит. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥгахоит ҳәа азгәеиҭеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа аиҳабы Лоу Инал-иԥа. Азинеилагаҩцәа рабџьари уи аныҟәгареи аҵәахреи рзы азини рымырхуеит Гал араион Хьацҳа ақыҭан иажәхьоу аҳақәа реиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеит. Аенергетикцәа ажәытә фымцацәаҳәақәа ҳаамҭазтәи ихьчоу цәаҳәала ирыԥсахуеит, аихабетонтә шьаҟа ҿыцқәа ықәдыргылоит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч"."Иарбоу апроект анагӡара ахархәаҩцәа фымцалашарала реиқәыршәара уақәгәыӷыртә аҩаӡара ашьҭыхра, атехникатәи акоммерциатәи цәыӡқәа рырмаҷра, аихшаратә ҳақәа еиҳа хра рыманы рхархәара алнаршоит", — ҳәа азгәеиҭеит анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Георги Гвилиа. Атрансформатортә станциа маҷ №7 аҿы аусурақәа хыркәшоуп, астанциа маҷ №4 аҿы хара имгакәа ихыркәшахоит. Иаарласны аҳасаббаратә хархәагақәа рышьақәыргыларагьы иалагоит. Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиара азҵаарақәа ирылацәажәеит ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци жәлар рдипломатиа Ацентр адиректор хада, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Дмитри Савелиеви. Урҭ азааҭгылеит агуманитартә еимадарақәа рырҭбаара, еицырзеиԥшу ауаажәларратәи аҵаратәи аԥшьгарақәа, ирылацәажәеит апроект ҿыцқәа. "Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит аконструктивтә диалог ацҵареи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ринтересқәа ирықәшәо апартниортә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи аҩганк рҟынтәи азҿлымҳара шрымоу", — ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны. "Аԥсны акомандеи" "Жәлар рдипломатиа ацентри" аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Аусшәҟәы иҳәаақәнаҵоит аҵарадырреи акультуреи русхкқәа рҿы еизакхо аусеицура ахырхарҭа хадақәа ҳәа азгәеиҭеит "Аԥсны акоманда" адиректор хада инапынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалыиа."Избанзар, аҵаралашареи наҟ- ааҟтәи акультуратә беиареи роуп ауааи ажәларқәеи рыбжьара аилибакааразы зегь реиҳа узықәгәыӷша мҩаны иҟоу", — ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа. Аԥсны иҟоу "Жәлар рдипломатиа ацентр" афилиал акоординатор Валериа Мановицкаиа иазгәалҭеит, аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра ишьақәгылахьоу аиҩызаратә еимадарақәа шышьақәнарӷәӷәо.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/04/1064781252_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_ec399514191902833485b67793d2398a.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио