Путин зшьаус ӡбоу амигрантцәа Урыстәыла атәылауаҩраз мап рцәызкуа азакәан инапы аҵеиҩит
19:55 04.08.2026 (ирҿыцуп: 20:46 04.08.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
Уахь иаҵанакуеит 14 шықәса зхымҵыц аҳәаанырцәуаа, ахҵәацәа ҳәа иԥхьаӡоу, мамзаргьы аполитикатә ма аамҭалатәи аҽыԥхьакырҭа зауз, иара убас урыстәылатәи Арбџьармчқәа рҿы еилаӡарала аус зуа, мамзаргьы урҭ реилазаараҿы аибашьра иалахәыз.
АҞӘА, нанҳәа 4 — Sputnik. Владимир Путин зшьаус ӡбоу амигрантцәа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩраз мап рцәызкуа азакәан инапы аҵеиҩит.
Иара убасгьы, адокумент аҳәаанырцәуаа, мамзаргьы атәылауаҩра змам, ашьаус азы ахара зыдҵоу ахаҭарақәа рзы Урыстәыла анхаразы алшара аԥнахуеит.
Ас еиԥш аӡбамҭа амазаара, ацәгьоура ахьанҭара иахьмырԥшкәа, аамҭала, мамзаргьы еснагьтәи анхаразы азини, Урыстәыла атәылауаҩшәҟәқәа рыҭареи мап ацәнакуеит. Адокументқәа ашьаус азы ахара шрыдыз ишрыҭаз аарԥшхар — амч рыманы иаанхом.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит ҩышықәса аиҭаҵратә аамҭа, уи иалагӡаны Украина атәылауаа аӡбамҭа шыҟам азы аилыркаагақәа рыдгалара аҟынтәи рхы иақәиҭтәхоит.