00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
4 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
4 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Олег Бӷажәба изку аҭҵаарадырратә семинар мҩаԥысит Аҟәа, Баграт иаҳҭынра аҿаԥхьа

© SputnikПосвященный Олегу Бгажба семинар состоялся у замка Баграта в Сухуме
Посвященный Олегу Бгажба семинар состоялся у замка Баграта в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2026
Анапаҵаҩра
Аусмҩаԥгатә аҵарауаҩ ииубилеи иазкын, нанҳәа 1 азы иара 85 шықәса ихыҵуан.
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Олег Бӷажәба изку аҭҵаарадырратә семинар мҩаԥысит Аҟәа, Баграт иаҳҭынра аҿаԥхьа.

Аусмҩаԥгатә аҵарауаҩ ииубилеи иазкын, нанҳәа 1 азы иара 85 шықәса ихыҵуан.
"Аԥсны аматериалтә культуреи ареспублика иахьаҵанакуа иҟоу еиуеиԥшым абаҟақәеи ирызку ажәахәқәа ҟарҵеит. Асеминар ахьымҩаԥысуаз аҭыԥ машәыршақә иалхмызт. СССР аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа археологиа аинститут аспирантс даныҟаз Олег Хәыхәыт-иԥа раԥхьатәи ажрақәа ахьымҩаԥигоз Баграт иаҳҭынраҿы акәын", — ҳәа Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит Аԥсуҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Инал Џьопуа.
Џьопуа иазгәеиҭеит, арҭ аҭҵаарақәа рматериалқәа рыла Бӷажәба Аԥсны абжьарашәышықәсазтәи ахыхьчаратә баҟақәа ирызку акандидаттә диссертациа шихьчаз.

Аҭҵаарадырратә семинар ажәахәқәа Олег Бӷажәба иԥсҭазаареи иҭҵаарадырратә усуреи, ахәҭакахьала, ААУ аҿы ирҵаҩратә усура, Аҩадатәи Ешыра акульттә ргыларақәеи абаҟақәеи рыҭҵаарақәа ирызкын.

"Аҵарауаҩ иԥшаара хадақәа зыдҳәалаз 1960-тәи ашықәсқәа рзы Арасаӡыхь ақыҭан Ачаԥара абаа аҭҵаара акәын. Уи анаҩс Герзеультәи абаа аҟны ажрақәа мҩаԥигон. 1977 шықәса инаркны 1986 шықәсанӡа Иури Николаи-иԥа Воронов дицны Ҵабалатәи аекспедициа далахәын. Ари ажәытә Аԥсны ихадоу абаҟақәа ируакуп, уи аҭҵаара Олег Хәыхәыт-иԥа жәашықәсақәа рзикит", — иҳәеит Џьопуа.

ААР академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Бӷажәба иԥсҭазаара далҵит нанҳәамза 15, 2024 шықәса рзы 83 шықәса дшырҭагылаз.

Уи ажәытәтәи, антикатәи, заатәи абжьарашәышықәсазтәи Аԥсны аҭоурых аҭҵаараҿы илагала дууп, 150 инареиҳаны астатиақәеи, 15 монографиеи, ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәеи рзы арҵага шәҟәқәеи дравторын.
Ажәабжьқәа зегьы
0