00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
4 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
4 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҭоурых-культуратә ҭынха аиқәырхареи ахархәареи ирылацәажәеит Апарламент аилак аҟны

© telegram SputnikAbkhaziaВопросы сохранения и использования объектов историко-культурного наследия обсудили на расширенном заседании Комитета Парламента по экономической политике, реформам и инновационным технологиям
Вопросы сохранения и использования объектов историко-культурного наследия обсудили на расширенном заседании Комитета Парламента по экономической политике, реформам и инновационным технологиям - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.08.2026
Анапаҵаҩра
Азакәанпроект аус адулара иацҵахоит, аилактә еилатәарақәа мҩаԥгахоит архитектуратә ҭынха аиқәырхара азҵаара аоптималтә ӡбара ԥшаахаанӡа.
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа реиқәырхареи рхархәареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит Апарламент аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинновациатә технологиақәеи рзы Аилак инарҭбаау аилатәараҿы.

Уи иалахәын Акультура аминистрра, Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчараз Аҳәынҭусбарҭа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа рхаҭарнакцәа, архитекторцәа.

Излацәажәаз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан, авариатә хыбрақәа еицырзыфеидоу, иҳәаақәҵоу аҭагылазаашьақәа рыла хаҭалатәи анапахьы рыҭара алыршара ҳәа аҳәоит "Аԥсуа телехәаԥшра" арепортаж аҿы.

Аҟәа ахадара архитектуратә ҟәша аспециалист Ҭемыр Занҭариа ахыбрақәа реиҭашьақәыргыларазы аҳәынҭқарратә ԥарақәа шазымхо азгәеиҭеит.
"Имариоу аҳасабырба. Аԥсны зықьы хәышә аобиектқәа, 50 миллион рыхҭынҵахааит, 75 миллиард мааҭ аиҭашьақәыргыларазы иаҭаххоит. Урҭ зегь реиҳа иреиҵаӡоу рбагақәоуп. Уи аҳәынҭқарра ахала амчқәа рыла ҟалашьа амаӡам", — иҳәеит иара.
Аилатәара иалахәыз ԥыҭҩык ақәшаҳаҭмызт аҭоурыхтә хыбрақәа аԥара маҷқәа рыла хаҭалатәи анапахьы рыҭара алыршара, урҭ реиҭашьақәыргылара ҟаларгьы.

"Араҟа ирҳәон ахыбрақәа жәпакы ахазхатәрақәа, мамзаргьы, қьырала ишрыҭаз атәы. Аха урҭ иахьа аиқәшаҳаҭра аԥҟарақәа ирықәныҟәаӡом. Рыцҳарас иҟалаз, ҳҳәынҭқарра даара иԥсыҽуп, уи аҭагылазаашьа хылаԥшра анаҭом", — ҳәа азгәеиҭеит адепутат Дмитри Маршьаниа.

Алахәылацәа реиҳараҩык ргәаанагарақәа еиқәшәеит, аобиектқәа абизнес иарҭаларгьы, уи аԥхьа урҭ инагӡаны ринвентаризациа мҩаԥгатәхоит ҳәа.

Азакәанпроект аус адулара иацҵахоит, аилактә еилатәарақәа мҩаԥгахоит архитектуратә ҭынха аиқәырхара азҵаара аоптималтә ӡбара ԥшаахаанӡа.
Дом Даля в Сухуме - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.07.2026
Аԥсны
Асахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе имузеи аадыртуеит Аҟәа
Ажәабжьқәа зегьы
0