https://sputnik-abkhazia.info/20260805/1064806309.html
Ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа
Ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Ааха узҭо ахҭысқәа зхызгаз ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа... 05.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-05T23:06+0300
2026-08-05T23:06+0300
2026-08-06T00:01+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052092211_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_79d8277dc317e2a88f7f2011f83ab675.jpg
АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Ааха узҭо ахҭысқәа зхызгаз ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа Мактина Џьынџьалԥҳаи Мариа Львова-Беловеи.Аҽазыҟаҵарақәа шәҩыла аԥсуа специалистцәа рҽаладырхәхьеит ҳәа адырра ҟарҵеит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат аҿы.Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит ашәарҭара иҭагылоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рыцхраареи акризистә ҭагылазаашьақәа раан аҭаацәарақәа рыдгылареи рзы арҵаратә программақәа рырҭбаара.Иара убасгьы, Џьынџьалԥҳаи Львова-Белови ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟынтәи аҭаацәарақәа рзы Аԥсны алагертә сменақәа реиҿкаара, ахбыџқәа усурҭала реиқәыршәара апрактика аӡҵаарақәагьы ирылацәажәеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e8/08/1a/1052092211_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_510dc09f9b713d278c34f6231e364836.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара иалацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа
23:06 05.08.2026 (ирҿыцуп: 00:01 06.08.2026) АҞӘА, нанҳәа 5 — Sputnik. Ааха узҭо ахҭысқәа зхызгаз ахәыҷқәа апсихологиатә цхыраара рыҭара азҵаарақәа ирылацәажәеит Аԥсни Урыстәылеи ахәыҷтәы омбудсменцәа Мактина Џьынџьалԥҳаи Мариа Львова-Беловеи.
Аҽазыҟаҵарақәа шәҩыла аԥсуа специалистцәа рҽаладырхәхьеит ҳәа адырра ҟарҵеит ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу иаппарат аҿы.
Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит ашәарҭара иҭагылоу ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рыцхраареи акризистә ҭагылазаашьақәа раан аҭаацәарақәа рыдгылареи рзы арҵаратә программақәа рырҭбаара.
"Ҳазыхиоуп азанааҭхырхарҭа аусхк аҟны Афедералтә ахбыџтә центр аԥышәеи аметодологиеи реиҭаҳәара, еиуеиԥшым апрофилактикатә ҳасаббара ахкқәа рҿы иҟоу аҷкәынцәа рзы ахбыџтә ҭыԥқәа раԥҵара", — лҳәеит Львова-Белова.
Иара убасгьы, Џьынџьалԥҳаи Львова-Белови ДЖәР-и ЛЖәР-и рҟынтәи аҭаацәарақәа рзы Аԥсны алагертә сменақәа реиҿкаара, ахбыџқәа усурҭала реиқәыршәара апрактика аӡҵаарақәагьы ирылацәажәеит.