Аԥсны зегь раасҭа иҳараку абираҟ шьаҟа Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы иқәдыргылеит
08:02 06.08.2026 (ирҿыцуп: 10:29 06.08.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Аԥсны зегь раасҭа иҳараку абираҟ шьаҟа Гәдоуҭа аԥшаҳәаҿы иқәдыргылеит.
Аиха иалху ашьаҟа 50 метра инаӡоит, акапан — 5,2 тонн ыҟоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳәынҭеилахәыра "Аԥсуа мшынтә ӷбаныҟәара" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Валери Трешьев.
Аҳаракырала Аԥсны иреиҳау аҩбатәи абираҟ шьаҟа ықәыргылоуп Аҩадатәи Ешыра иҟоу Аҳәынҭавтоинспекциа агәаҭарҭатә ҭыԥ азааигәара иҟоу ахәаҿы, уи аура 40 метра инаӡоит.
Абираҟ шьаҟа Ҭырқәтәыла иҟарҵеит. Уи анкертә гәыԥ аҿы иҷыдоу абаӷәазатә шьҭыхгала ишьақәдыргылеит. Аҳәынҭқарратә бираҟ ашьҭыхра иазку аныҳәатә церемониа мҩаԥгахоит цәыббра 7 рзы — Гәдоуҭа Ақалақь амш азгәаҭара аҽны.