Урыстәыла азыхиоуп Аахыҵ Кавказ ашәарҭадара ашьақәыргылараҿы анаҩсгьы ацхыраара аҟаҵара
11:28 08.08.2026 (ирҿыцуп: 12:20 08.08.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
Анапаҵаҩра
18 шықәса раԥхьа 2008 шықәса нанҳәа 7 ауха Қырҭтәыла Цхинвал иақәлеит.
АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Урыстәыла азыхиоуп Аахыҵ Кавказ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рышьақәыргылараҿы анаҩсгьы ацхыраара аҟаҵара ҳәа аҳәоит Хәымштәи аибашьра ашықәсхыҵра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз аҳәамҭаҿы.
2008 шықәсазы Қырҭтәыла имҩаԥнагоз аибашьра аҿагылара, Москва аоперациа мҩаԥнагар акәхеит ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы. Қарҭ мчыла аҵакырақәа рырхынҳәра анаҩстәи аҽазышәарақәа раԥырҟәҟәаара хықәкыс иҟаҵаны, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Анаҩстәи ашықәсқәа рзы Урыстәыла ҩ-республикак ршәарҭадареи, рекономикатәи, рсоциалтәи усхкқәа рырӷәӷәараҿы ирыцхраауан, иара убас Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирылахәын.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра даҽазныкгьы иазгәанаҭеит аиҿцәажәарақәа рхықәкы хада — Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара ӷәӷәа аиҿкаара. Уи азы Қарҭ, Аҟәеи Цхинвали рганкахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра хымԥадатәиуп.
"Иазгәаҭоуп, Қырҭтәыла анапхгара аԥсуааи ауаԥсжәлари реиныршәара шхымԥадатәиу азы иҟарҵаз аҳәамҭақәа, урҭ агәыӷра ҳарҭоит иарбоу азнеишьақәа реиҭакра адекларациақәа рыҩаӡараҿы ишаанымхо, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы иалкаау апрактикатә усқәа рыла ишьақәырӷәӷәахоит ҳәа", — ҳәа аҳәоит анҵамҭаҿы.