Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" хыркәшахеит
15:03 08.08.2026 (ирҿыцуп: 15:17 08.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхаицук
Анапаҵаҩра
Афорум ҩымш имҩаԥысуан, 350-ҩык инареиҳаны аделегатцәа еизнагеит.
АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Жәларбжьаратәи афорум "Аԥсны Ҿа" хыркәшахеит.
Ҩымштәи аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан аспикерцәа рықәгыларақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Ҭарашь Ҳагба, "Донбасс Абнатә дивизиа" адҵаҟаҵаҩ Ахра Аҩӡба, Росмолодеж анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Денис Аширов, "Аԥсны Ҿа" раԥхьатәи анапхгаҩы Алиас Аҩӡба.

Афорум аҿы аԥснытәии урыстәылатәии ауаажәларратә еиҿкаарақәа рыбжьара аиқәшаҳаҭрақәа жәпакы рнапы аҵарҩит, жәларбжьаратәи аполитика актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит, "Аԥсны Ҿа" аԥҟаԥҵәа аԥсахрақәа аларгалеит, ахантәаҩы ҿыц далырхит.
Иахьа имҩаԥысит агимнаст, аолимпиатә чемпион Артур Далалоиан иԥылара. Уаҟа аспортсмен аԥсуа ҿар ирзеиҭеиҳәеит ипрофессионалтә мҩа атәы.
Уи адагьы, еиҿкаан алекциақәеи аинтерактивтә ҭыԥқәеи. Хатәгәаԥхарауаа еиуеиԥшым аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан еиқәырхаҩцәак раҳасабала рымчқәа ԥыршәарц алшара рыман, арра-спорттә зыҟаҵаразы амастер-класс иахысит.