Валериа Делԥҳа аканал "Россия-1" аҟны имҩаԥысуа ашоу "Ну-ка, все вместе!" ахь дхынҳәит
20:56 08.08.2026 (ирҿыцуп: 23:17 08.08.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
Делԥҳа ашоу далахәын ҵыԥх. Афиналбжахь анеиразы баллк ауп илзымхаз.
АҞӘА, нанҳәа 8 — Sputnik. Валериа Делԥҳа аканал "Россия-1" аҟны имҩаԥысуа ашоу "Ну-ка, все вместе!" ахь дхынҳәит.
Аԥсуа шәаҳәаҩы Анастеиша лашәа "I'm Outta Love" налыгӡеит, лара ажиури лыршанхеит лвокал ӷәӷәа ала.
Делԥҳа ашоу далахәын ҵыԥх. Афиналбжахь анеиразы баллк ауп илзымхаз. Сынтәа аҭыԥҳа илыӡбеит дхынҳәны лымчқәа даҽазныкгьы иԥылшәарц.
"Сара исзымдыруа зықьҩыла ауаа рҟынтә асалмшәҟәқәа соуан,ахҳәаақәа рҿы саԥхьон, еиҭах араҟа сырбарц шырҭахыз! Сергеи Лазарев иажәақәа хымԥада схынҳәыр ахәҭоуп ҳәеи, абри аамҭа иалагӡаны шәара шәыдгылареи — сара сзы мч дуун!" — ҳәа лҩит Делԥҳа асоциалтә ҳақәа рҿы.