Сергеи Дбар игәаларшәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа арра-патриоттә лагер аҿы
22:18 09.08.2026 (ирҿыцуп: 22:42 09.08.2026)

Анапаҵаҩра
Аинрал-леитенант, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Дбар ихьӡ зху алагер аатит ԥхынгәы 28 рзы, иара мҩаԥысуеит К. Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат аҿы.
АҞӘА, нанҳәа 9 — Sputnik. Аԥсны Афырхаҵа Сергеи Дбар игәаларшәара иазкыз ахәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа арра-патриоттә лагер аҿы.
Аусмҩаԥгатә аҿы Сергеи Дбар дызлахәыз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аантәи архивтә кадрқәа ддырбеит, аҿар инарыгӡон апатриоттә жәеинраалақәеи еицырдыруа арратә шәақәеи. Иара убас, алахәылацәа амилаҭтә кәашарақәа рҿгьы рҟазара аадырԥшит.

Сергеи Дбар иеибашьратә мҩеи, ажәыларақәа рҟынтә егьырҭ ахҭысқәеи еиҭалҳәеит аҵара аминистр лхаҭыԥуаҩ, Леон иорден занашьоу Хьыбла Шамԥҳа.
Аинрал-леитенант, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Дбар ихьӡ зху алагер аатит ԥхынгәы 28 рзы, иара мҩаԥысуеит К. Ӡиӡариа ихьӡ зху алицеи-интернат аҿы.
Ашколхәыҷқәа иҭырҵаауеит арра-хархәаратә дисциплинақәа, FPV-дронқәеи БпЛА-и рхархәара ашьаҭақәа, атактикатәи абаҩрҵәыратәи зыҟаҵара, рхы аладырхәуеит акультуратә усмҩаԥгатәқәеи аветеранцәа рԥыларақәеи.