Аашықәса зхыҵуаз ахәыҷы дҭахеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Новороссииск ржәылара иахҟьаны.
08:43 12.08.2026 (ирҿыцуп: 08:46 12.08.2026)
Анапаҵаҩра
Аашықәса зхыҵуаз ахәыҷы дҭахеит аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Новороссииск ржәылара иахҟьаны.
Краснодартәи атәылаҿацә агубернатор Вениамин Кондратиев ишиҳәаз ала, хәыҷык дназлоу даҽа ааҩык ааха роуит. Дара зегьы ахәышәтәырҭахь инаган.
Адронқәа рыԥҽыхақәа ааха рырҭеит 21 нхарҭа ҩни ԥшь-наплакык рхыбрақәеи.
Кондратиев иажәақәа рыла, атәылаҿацә егьырҭ арегионқәагьы хыԥхьаӡара рацәала ажәылара иақәшәеит. Убас, Темриуктәи араион аҿы дҭахеит ахатәы ҩны ашҭаҿы аԥҽыхақәа ркаҳараан ааха зауз ахаҵа. Анапеи Геленџьики аҩнқәа ааха рыҭоуп, ахәрақәа зауз ауааԥсырагьы ыҟоуп.
Аҭыԥқәа рҿы аус руеит аоперативтә маҵзурақәа, аԥхасҭа ахәшьара арҭоит. Аамҭалатәи анхарҭа ҭыԥқәа рҿы 90-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра ыҟоуп.