Нанҳәамза 12 2008 шықәсазы ихыркәшахеит ақырҭуа ар Кәыдрытәи аиҩхаа рыҭцаразы аоперациа
11:53 12.08.2026 (ирҿыцуп: 12:14 12.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәразы аоперациа уахыки-ҽнаки инарзынаԥшуа имҩаԥысуан, ақырҭуа еиҿкаарақәа рықәцаралагьы ихыркәшахеит. Уи иалҵшәаны Аԥсны аҵакыра зегьы ареспубликатә мчрақәа рнапахьы ииасит.
АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. Нанҳәамза 12 2008 шықәсазы ихыркәшахеит ақырҭуа ар реиҿкаарақәа Кәыдрытәи аиҩхаа рыҭцаразы аоперациа.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа Қырҭтәыла анапаҵаҟа иҟан. 2006 шықәсазы Қарҭ аполициатә операциа амҩаԥгара ҵаҵӷәыс иҟаҵаны Атәылахьчара аминистрреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҳәынҭқарратә шәарҭадареи русбарҭақәеи рырхәҭақәа уахь иалагалан. Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы агәыԥ ахыԥхьаӡара 1,5 нызқьҩык инадыркны 3 нызқьҩык рҟынӡа инаӡон.
2008 шықәса ааԥыни аԥхыни Аԥсны акәша-мыкәша арра-политикатә ҭагылазаашьа иубартә еибарххахеит, аҳәаа иаԥну аҵакырақәа рҿы апровокациақәа еиҳа-еиҳа ирацәахо иалагеит.
Нанҳәа 8 рзы Цхинвал иалахысуа ианалага ашьҭахь, Аԥсны Арбџьармчқәа аибашьратәзыҟаҵара рыманы, хәҭа-хәҭалатәи мобилизациа рыларҳәеит.