АҩАР атуристтә сезон иалагаанӡагьы апрофилактикатә усура мҩаԥнагоит
14:22 12.08.2026 (ирҿыцуп: 14:41 12.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. Аԥсны АҩАР атуристтә сезон иалагаанӡагьы аԥсшьаҩцәа рганахьала ацәгьоурақәа раԥырҟәҟәааразы апрофилактикатә усура мҩаԥнагоит. Абри атәы иҳәеит аусбарҭа ахада Роберт Кьиут.
Иара иажәақәа рыла, акурорттә сезон азы, иара убасгьы, атуристцәа хыԥхьаӡара рацәалаи ахьеизало аҭыԥқәа рҿы аԥыԥшра (патрулирование) дырӷәӷәоит. Ҿырԥштәыс иаагозар, Аҟәа ахәылԥазтәи аԥыԥшра иалагеит нанҳәа 10 рзы, ҵхыбжьонынӡа ԥшь-маршрутк рыла имҩаԥысуеит: Воронов имҩа, Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәа, РВСН-и МВО-и уаанӡатәи арратә санаториақәа рраионқәа, Синоп, аплиажқәа "Мокко", "Марнеро", "Немо" иахьрыҵаркуа.
Иара иҳәеит, хырхарҭацыԥхьаӡа ауаажәларратә шәарҭадара амилициеи ашьауӷаԥшаара аусзуҩцәеи хҩык-хҩыки, иара убас аҟәша ҷыда агәыԥи шалахәу.
Кьиут иара убасгьы иҳәеит, аҳҭнықалақь аҿы ҩышықәса шыҵуа атуристтә милициа аус ауеижьҭеи, уи аусура хра аманы ишыҟоу аанарԥшхьеит. Иааиуа ашықәс азы ареспублика егьырҭ араионқәа рҿгьы алагалара ргәы иҭоуп.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2026 шықәса лаҵарамза инаркны ԥхынгәымзанӡа Аԥсны атуристцәа рганахьала 22 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп, урҭ рахьтә 15-ҩык аарԥшуп.
Ацәгьоура хьанҭақәа рхыԥхьаӡара лаҟәит 2025 шықәса иаҿырԥшны: ашәҟәы иҭагалоуп хә-хҭыск, ԥшьба аарԥшуп. Ҵыԥх ас еиԥш ацәгьоурақәа 13 ыҟан ҳәа иҳәеит иара.