Арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада реикәыршара аҿагыларазы аконцепциа аус адулоуп
14:57 12.08.2026 (ирҿыцуп: 15:24 12.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 12 — Sputnik. Арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада реикәыршара аҿагыларазы аконцепциа аус адулоуп ҳәа иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут.
Кьиут иазгәеиҭеит, уи аус шаднаулаз аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥҵоу арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак. Аконцепциа атәыла ахада идгалоуп ашьақәырӷәӷәаразы.
Кьиут иазгәеиҭеит, уи аус шаднаулаз аҳәынҭқарра ахада иҟны иаԥҵоу арҩашьыгатә маҭәашьарқәа закәаншьаҭада реикәыршара аҿагыларазы Ахеилак. Аконцепциа атәыла ахада идгалоуп ашьақәырӷәӷәаразы.
"Ари арыцҳара иахҟьаны хыԥхьаӡара рацәала ҳҿар ашәарҭара иҭагылоуп, ауаа ҭахоит. Аԥсны ахада иганахьала ари азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аминистр иҳәеит, иарбоу ахырхарҭала аусура ишалахәу еишьашәалоу министррақәеи аусбарҭақәеи зегьы, аҵараиурҭақәагьы уахь иналаҵаны.
Иара убас, Кьиут закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара аҿагылара аҳәаақәа ирҭагӡаны сынтәа 97 цәгьоура ашәҟәы ишҭагалоу, 79 шьаус шхацырку азы адырра ҟаиҵеит. Ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп 86-ҩык, иара убас иаарԥшуп ареспубликахь анаркотикқәа раагара мҩаԥызгоз ацәгьоуратә гәыԥқәа хԥа.