Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи адронқәа 362 ҭадырхеит
10:15 13.08.2026 (ирҿыцуп: 10:54 13.08.2026)

© Sputnik / Станислав Красильников
Анапаҵаҩра
Есыҽны Украинатәи Арбџьармчқәа иртәу аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Урыстәыла аҵакыраҿ ажәыларақәа мҩаԥыргоит.
АҞӘА, нанҳәа 13 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 362 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭархан Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Волгоградтәи, Калугатәи, Курсктәи, Оренбургтәи, Орловтәи, Пензатәи, Ростовтәи, Риазантәи, Самаратәи, Тулатәи, Улиановсктәи аобластқәа рҿы.
Иара убасгьы, адронқәа ҭархан Подмоковие, Башкорҭасҭан, Ҭаҭарсҭан, Ҟрым, Краснодартәи атәылаҿацә, Амшын еиқәеи Азовтәи амшыни рқәыԥшылараҿы.