https://sputnik-abkhazia.info/20260813/1064966430.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Русҭам Агрба Пицунда ахада имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны. Бадра Гәынба иусԥҟала, ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа... 13.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-13T18:01+0300
2026-08-13T18:01+0300
2026-08-13T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064966264_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_a7dc7b5f21bea72b812c85a9755b1ae9.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Русҭам Агрба Пицунда ахада имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны. Бадра Гәынба иусԥҟала, ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа рынагӡара инапы ианҵоуп ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Анри Багаҭелиа. Агрба Пицунда ақалақь ахадас ақалақьтә Еизара дшьақәнарӷәӷәахьан жәабран 9 рзы.
Аԥсны ахатәы былтәыҭаҭәарҭа маҷқәа аусура иалагеит ҳәа иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. Уи хымԥадатәиуп абылтәазы имариам аҭагылазаашьаан, абылтәыҭаҭәарҭа станциа-ҳа дуқәа рҟны ауадаҩрақәа рыларҟәразы. "Раԥхьа иргыланы усеиԥш ахьыҟоу Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы ауп, уи иалнаршеит аресурс аихшареи агәараанқәа рыпроблема аԥыхреи", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр "Аԥсуа телехәаԥшра" аефир аҟны. Мышәба иазгәеиҭеит, абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаран макьанагьы ишуԥыло, аха аҭагылазаашьа шеиӷьхаз. Аҟәа атәы ҳҳәозар, аҳҭнықалақь аҿгьы иаадыртит аҭаҭәарҭа цҵақәа. Уи иалнаршеит амашьынаныҟәцаҩцәа рзы азыԥшраамҭақәа акыр аиҵатәра.
Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы зегь раасҭа ауааи амашьынақәеи рацәоуп асааҭ 06:00 инаркны 11:00 рҟынӡа ҳәа рҳәеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҿы. Традициала атуристтә аамҭахәҭа ашыкьымҭа нанҳәамза иақәшәоит, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 10 нызқь рҟынӡа машьына, 300 автобус, 55 нызқьҩык ауаа. Аҳазалхратә ҭыԥ анапхгара амашьынарацәа реизара аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит — атрансфер маҵзурақәа мҩаԥызго атурфирмақәа аус рыцура, ареверсивтә ныҟәара аиҿкаара, аҷаԥшьаратә сменақәа рырӷәӷәареи реиҭеихшареи мҩаԥысуеит. Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагоит аҳәаа ахысра аамҭа ашыкьымҭа сааҭқәа раан акәымкәа аҽакны иалырхларц, мамзаргьы альтернативтә транспорт — амшынтә, аҳауатә, ма аихамҩатә рхы иадырхәаларц.
Бадра Гәынба апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" аиҿкааҩцәа дырԥылеит. Аиԥылара иалахәын Аҵара министр Хана Гәынԥҳа, апроект анапхгаҩы Анна Гәниаԥҳа, IT аменеџьер Дамеи Џьонуа, "Аԥсны акоманда" ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалыиа. Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит шықәсыбжак аҩнуҵҟа русура алҵшәа, идырбеит ҷыдала иаԥҵаз ацҵа "Аԥсуа корпус" аусушьа. Уахь рыҽҭаргалеит 390-ҩык рҟынӡа аиҭагаҩцәа. Бадра Гәынба апроект алҵшәақәа рыхә ҳаракны ишьеит, иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара ԥхьаҟагьы ари аус адгылара шарҭо атәы.
Русҭам Агрба Пицунда ахада имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭтәуп хатәгәаԥхарала иҟаиҵаз аҳәара инақәыршәаны. Бадра Гәынба иусԥҟала, ақалақь ахада аамҭала инапынҵақәа рынагӡара инапы ианҵоуп ахада актәи ихаҭыԥуаҩ Анри Багаҭелиа. Агрба Пицунда ақалақь ахадас ақалақьтә Еизара дшьақәнарӷәӷәахьан жәабран 9 рзы. Аԥсны ахатәы былтәыҭаҭәарҭа маҷқәа аусура иалагеит ҳәа иҳәеит аенергетика аминистр Баҭал Мышәба. Уи хымԥадатәиуп абылтәазы имариам аҭагылазаашьаан, абылтәыҭаҭәарҭа станциа-ҳа дуқәа рҟны ауадаҩрақәа рыларҟәразы. "Раԥхьа иргыланы усеиԥш ахьыҟоу Гал, Тҟәарчал, Очамчыра араионқәа рҿы ауп, уи иалнаршеит аресурс аихшареи агәараанқәа рыпроблема аԥыхреи", — ҳәа азгәеиҭеит аминистр "Аԥсуа телехәаԥшра" аефир аҟны. Мышәба иазгәеиҭеит, абылтәыҭаҭәарҭақәа рҿы агәаран макьанагьы ишуԥыло, аха аҭагылазаашьа шеиӷьхаз. Аҟәа атәы ҳҳәозар, аҳҭнықалақь аҿгьы иаадыртит аҭаҭәарҭа цҵақәа. Уи иалнаршеит амашьынаныҟәцаҩцәа рзы азыԥшраамҭақәа акыр аиҵатәра. Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы зегь раасҭа ауааи амашьынақәеи рацәоуп асааҭ 06:00 инаркны 11:00 рҟынӡа ҳәа рҳәеит Шәачатәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзураҿы. Традициала атуристтә аамҭахәҭа ашыкьымҭа нанҳәамза иақәшәоит, уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуеит 10 нызқь рҟынӡа машьына, 300 автобус, 55 нызқьҩык ауаа. Аҳазалхратә ҭыԥ анапхгара амашьынарацәа реизара аԥырҟәҟәааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит — атрансфер маҵзурақәа мҩаԥызго атурфирмақәа аус рыцура, ареверсивтә ныҟәара аиҿкаара, аҷаԥшьаратә сменақәа рырӷәӷәареи реиҭеихшареи мҩаԥысуеит. Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа атәылауаа ирабжьнагоит аҳәаа ахысра аамҭа ашыкьымҭа сааҭқәа раан акәымкәа аҽакны иалырхларц, мамзаргьы альтернативтә транспорт — амшынтә, аҳауатә, ма аихамҩатә рхы иадырхәаларц. Бадра Гәынба апроект "Уаҵәтәи аԥсшәа" аиҿкааҩцәа дырԥылеит. Аиԥылара иалахәын Аҵара министр Хана Гәынԥҳа, апроект анапхгаҩы Анна Гәниаԥҳа, IT аменеџьер Дамеи Џьонуа, "Аԥсны акоманда" ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дырмит Габалыиа. Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит шықәсыбжак аҩнуҵҟа русура алҵшәа, идырбеит ҷыдала иаԥҵаз ацҵа "Аԥсуа корпус" аусушьа. Уахь рыҽҭаргалеит 390-ҩык рҟынӡа аиҭагаҩцәа. Бадра Гәынба апроект алҵшәақәа рыхә ҳаракны ишьеит, иазгәеиҭеит, атәыла анапхгара ԥхьаҟагьы ари аус адгылара шарҭо атәы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064966264_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_1ad156e05d78aa1be826039373228db4.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио