Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит
12:11 14.08.2026 (ирҿыцуп: 13:01 14.08.2026)

© Sputnik / Бадри Есиава
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит.
Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан.
Гәдоуҭа араион ахада Асҭамур Аргәын иазгәеиҭеит, нанҳәа 14 наунагӡа лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит ҳәа.
"Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иаҳзааргаз аиааироуп- иахьа Ахьыԥшымра азхаҵара шьагәыҭс иамоу. Ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа ҳрылацәажәаратәы ҳҟазҵазгьы дара роуп", — иҳәеит иара.
Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәылеи егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа. Аибашьра цонаҵы Аԥсны иаиуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультуратә баҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти.