Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахьа 45 шықәса ихыҵит
13:27 14.08.2026 (ирҿыцуп: 13:53 14.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Бадра Зураб-иԥа Гәынба диит нанҳәа 14 1981 шықәсазы Аҟәа.
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахьа 45 шықәса ихыҵит.
Егьырҭ ашықәсқәа раан еиԥш иахьагьы атәыла ахада имшира азгәеиҭаӡом, избанзар, уи амш аҭоурыхтә рыцхә — Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз амш, нанҳәа 14 иақәшәоит.
Аҳәынҭқарра ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа ишазгәеиҭаз ала, Бадра Гәынба имшира иазкны ныҳәак мҩаԥигом, избанзар ари амш лахьеиқәҵаратә мшны иԥхьаӡоит, иҭахаз ргәалашәара ҳаҭыр ақәиҵоит.
"Атәыла ахада изы ари амш ныҳәаӡам, илахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит", — азгәеиҭеит Ҷолокәуа.
Егь ус акәзаргьы, ахада ихьӡала иколлегацәеи, ауаажәларратә усзуҩцәеи, атәылауааи рҟынтәи адныҳәаларақәа изааиуеит иҳәеит апресс-маӡаныҟәгаҩ.