00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:30
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
2 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Война от первого лица
Врачи на передовой: Отар Осия о медиках в Отечественной войне народа Абхазии
14:47
16 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Бадра Гәынба нанҳәа 14 Аԥсны иахьатәи аҭоурых адаҟьақәа рҟны лахьеиқәҵаратә рыцхәны иаанхоит ҳәа ахиҳәааит. Аԥсны ахада ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы. Иара иазгәеиҭеит, абри амш аҽны, 1992 шықәсазы излагаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра — аԥсуа жәлар агәаҟра дуқәа рзаанагеит, аԥсадгьыл аҟазаареи аҟамзаареи иҭанаргылеит ҳәа. "413 мшы Аԥсныжәлар бџьаршьҭыхла рџьынџьдгьыл рыхьчон. Зегь реиҳа иуадаҩыз амшқәа рзы, зықьҩыла ҳауаажәлар Аԥсадгьыл ахьчара иазгылеит. Урҭ иарӷьажәҩаны ирыдгылеит Нхыҵ-Кавказынтәи, Урыстәылатәи арегионқәа рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз, аҳәаанырцә инхоз аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа. Ҳаԥсадгьыл амцашыра ианалагылаз аамҭазы иаадырԥшыз афырхаҵареи, иҟарҵаз ацхыраареи Аԥсны аҭоурых аҟны наӡаӡа иаанхоит", — иҳәеит Гәынба.
1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Ахьӡ-аԥша апарк аҿы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит. Афырхацәа ргәаладыршәеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладков, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Асҭамур Кациа, Аиҳабыра алахәылацәа, Жәлар Реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рыуацәа, аԥсуа ар аррамаҵзурауаа, ауаажәларра.
Гәдоуҭа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Араион анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа ашәҭқәа шьҭарҵеит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара аҳаҭыраз игылоу абаҟа амҵан. Гәдоуҭа араион ахада Асҭамур Аргәын иазгәеиҭеит, нанҳәа 14 наунагӡа лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит ҳәа. "Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи иаҳзааргаз аиааироуп- иахьа Ахьыԥшымра азхаҵара шьагәыҭс иамоу. Ҳаԥхьа ишьҭоу аусқәа ҳрылацәажәаратәы ҳҟазҵазгьы дара роуп", — иҳәеит иара.
Аԥсны Аҵара аминистрра Тҟәарчал араион аҵарадырра аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа арҭеит. Аминистрра Абаҩрҵәыратә ааӡареи аррақәранӡатә зыҟаҵареи рыҟәша аиҳабы Иракли Ҵурҵумиа иҳәеит, уаанӡа Тҟәарчал араион аҟынтәи ацхыраараз аусбарҭахь аҳәара шыҟарҵахьаз. "Араҟа иҟоуп аԥаразы аҵәыргылақәа, аԥкьаҭмпылтә еишәақәа, ашьапылампылтә каҭақәа, анапылампылтә каҭақәа, аԥкьаҭмпылтә ракеткақәа уҳәа убас иҵегьы", — иҳәеит Ҵурҵумиа.Ҵурҵумиа иара убасгьы иазгәеиҭеит, аусбарҭа аспорттә маҭәахәқәа разымхара ауадаҩра ахьыҟоу араионқәа рҿы, аҵарадырра аусбарҭақәа ацхыраара рыҭара ишацнаҵо.
Ажәабжьқәа зегьы
0