00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:01
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Марат Камболов Бадра Гәынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы аацҳамҭа ааишьҭит

© Sputnik / Томас ТхайцукФлаг Абхазии и Южной Осетии
Флаг Абхазии и Южной Осетии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Марат Камболов Бадра Гәынбеи Аԥсныжәлари Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәалашәара амш азы аацҳамҭа рзааишьҭит.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо иазгәеиҭеит, аиашьаратә республика аҭоурых аҿы нанҳәа 14 — аҭыԥ ҷыда шааннакыло.

"Ари амш аҽны аԥышәара хьанҭақәа ирылагеит, урҭ раан ареспублика ажәлар иаадырԥшит агәымшәареи, ахачҳареи, агәаӷьреи рхақәиҭреи рхала рԥеиԥш аҳәаақәҵара азини рыхьчаразы", азгәеиҭеит иара.

Камболов инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари арыцхә Аахыҵ Уаԥстәыла ажәларгьы ишырзааигәоу. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аахыҵ Уаԥстәылантәи хатәгәаԥхарала еибашьуази аԥсуа еибашьцәеи ареспублика ахьчара иеицалахәын.

"Урҭ ашықәсқәа рзы зхы ыҵызхыз аибашьратә еишьара наунагӡа ҳажәларқәа рзеиԥш ҭоурых иахәҭакхеит", — аҳәоит ашәҟәаҿы.

Аахыҵ Уаԥстәыла ахада инапынҵақәа назыгӡо Аԥсны ахада изеиӷьеишьеит ахачҳареи адоуҳамчи, Аԥсны ажәлар — аҭынчреи аманшәалареи.
Ажәабжьқәа зегьы
0