Владимир Путин Бадра Гәынба имшира идиныҳәалеит
15:04 14.08.2026 (ирҿыцуп: 15:11 14.08.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. Владимир Путин Бадра Гәынба имшира идиныҳәалеит.
Урыстәылатәи ахада иазгәеиҭеит Урыстәыла ахә ҳаракны ишыршьо Аԥсны ахада аҩ-тәылак рыбжьара аиҩызаратәи аидгыларатәи еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҿы хаҭалатәи илагала ҳәа аанацҳаит "Аԥсныпресс".
"Агәраганы сыҟоуп арҭ аизыҟазаашьақәа аринахысгьы хра рыманы аҿиара шроуа ҳажәларқәа реизҳазыӷьаразы, арегионалтә шәарҭадареи аҭышәынтәалареи реиқәыршәара аинтересқәа рзы", — азгәеиҭеит Урыстәыла ахада.
Путин Гәынба изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.
Аԥсны ахада Бадра Гәынба иахьа 45 шықәса ихыҵит.