Очамчыра Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит
15:32 14.08.2026 (ирҿыцуп: 16:21 14.08.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага амш аҽны Очамчыра аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаларшәара аҳаҭыраз ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Араион анапхгара, аусбарҭақәа русзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз аибашьцәа рҭаацәарақәа абаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит.

Нанҳәа 14 1992 шықәса рзы Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар аихамҩа ахьчара ҽыҵгас иҟаҵаны Аԥсны аҵакыра иалалеит.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра 413 мшы ицон.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра архив адыррақәа рыла, 1992-1993 шықәсқәа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 12 нызқьҩык аԥсуа еибашьцәа, урҭ рыбжьара иҟан Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа, Нхыҵ Кавказ ҳаиашьаратә жәларқәа, Урыстәылеи егьырҭ арегионқәа рхаҭарнакцәа. Аибашьра цонаҵы Аԥсны иаиуз аекономикатә ԥхасҭа 11,6 миллиард доллар артәеит. Ааха рыҭан акультуратә баҟақәа, иблын Аҳәынҭқарратә архиви Аԥсуаҭҵааратә институти.