Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Музыка гордых" аҿы иқәгыло артистцәа рыхьӡқәа еилкаауп
16:39 14.08.2026 (ирҿыцуп: 16:52 14.08.2026)

© Foto / Bogomil Mihaylov
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 14 — Sputnik. "ЛЮБЭ", AY YOLA, Сулҭан Лагучев, BEARWOLF уҳәа артистцәа Аҟәа имҩаԥысран иҟоу Жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль "Музыка гордых" аҿы иқәгылоит.
Аконцерт мҩаԥгахоит нанҳәамза 26 рзы, Урыстәыла Аԥсны Ахьыԥшымра аназхаҵаз амш аҽны, Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Сценак аҿы еицықәгылоит урыстәылатәии аԥснытәии артистцәа, иара убас жәларбжьаратәи аицлабра "Музыка гордых" аҿы аиааира згаз.
Аконцерт иалахәуп: Хьыбла Мықәԥҳа, Валериа Перцхьелиаԥҳа, Авто Конџьариа, Аҳәынҭқарратә хәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Абаза" уҳәа егьырҭ анагӡаҩцәагьы.
Амҩаԥгаҩцәа: Алхас Манаргиа, Викториа Черенцова, Родион Газманов, Елена Мараховскаиа. Иалагоит асааҭ 19:00 рзы.
Иара убас, аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны иара убасгьы ирыларҳәоит аицлабраҿы аиааира згаз быжьҩык рыхьӡқәа. Зынӡа сынтәа авторцәеи анагӡаҩцәеи рҟынтәи аицлабрахь инашьҭын 2048 рзаҳал. Урыстәылеи Аԥсни рықалақьқәа 250 рҟынтәи.
Аиҿкааҩцәа — Николаи Расторгуев ифонди арадиостанциа "Гордости", Акультуратә аԥшьгарақәа рзы Урыстәыла ахада ифонд ацхыраарала.