https://sputnik-abkhazia.info/20260814/skhala-sanynkha-ayuara-salageit-emraz-khiba-igalasharaa-1064912515.html
"Схала санынха аҵәыуара салагеит": Ҭемраз Хьиба игәалашәарақәа
"Схала санынха аҵәыуара салагеит": Ҭемраз Хьиба игәалашәарақәа
Sputnik Аҧсны
Ԥхнын, ахәыҷқәа амшын аҿы рҽыркәабон. Лассы ашкол аҭалара иазыԥшын, аха инхаз амшқәа рзы аҽыкәабара, ахәмарра мап ацәыркуамызт, ашкол ахь ицар уи азы аԥкрақәа... 14.08.2026, Sputnik Аҧсны
2026-08-14T09:00+0300
2026-08-14T09:00+0300
2026-08-14T09:10+0300
аԥсны
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи
агәаанагара
аԥсны
аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064971928_0:143:1100:762_1920x0_80_0_0_12be0726d46fdfbd498d8e126155c3ee.jpg
Ԥхнын, ахәыҷқәа амшын аҿы рҽыркәабон. Лассы ашкол аҭалара иазыԥшын, аха инхаз амшқәа рзы аҽыкәабара, ахәмарра мап ацәыркуамызт, ашкол ахь ицар уи азы аԥкрақәа шыҟалоз рдыруан азы. Икеикеиуаз аԥхын жәҩан азныказ амацәыс еиԥш иааиласит, авертолиот ихылаз аҟынтә ахысбыжьқәа геит. Абас ауп усҟан Аҟәа иҟаз, еиҳаракгьы аҟәараҿы иныҟәоз, ма амшын аҿы зҽызкәабоз ари амш шыргәалашәо. Август 14 1992 шықәсазы Аԥсуа-қырҭуа еибашьра иалагеит. Аӷа иҽазыҟаҵаны дыҟан азы, иара изы иџьашьахәыз акгьы ыҟамызт, ажәҩан ихылаз авертолиотқәа амшын иҭаз ауаа ирзымбабтәбарахазаргьы… Аибашьра раԥхьатәи амш згәалашәо аиҳабацәа рӷьыраҩык мҩасхьеит, аха иҟоуп усҟан ихәыҷқәаз, аха абри асахьа зхаҿы инхаз уажәшьҭа зуаҩыбжара иамазкуа ауаа. Аибашьра анцоз Аҟәа иалҵны Гәдоуҭаҟа инеиуаз ауааԥсыра ирыҿцәажәон аԥсуа журналистцәа, урҭ еиҭарҳәон аҳҭнықалақьаҿ ирхыргаз аҟыба-ӡыба. Исымԥыхьашәеит убас иҟоу ажурналист Даур Инаԥшьба иҟаиҵаз нҵамҭак. Ахаҵа имаҭа хәыҷы диманы ателехәаԥшра аинтервиу аиҭоит, ахәыҷы иакәзар ҿымҭӡакәа иабду диватәоуп… Уажәшьҭа иҵхьеит 34 шықәса уи аахыижьҭеи. Авидео аҿы ицәажәоз ахаҵа идунеи иԥсаххьеит, уи ахәыҷы иакәзар, уажәы 40 шықәса дырҭысхьеит. Ҭемраз Хьиба ихьӡуп иара, аибашьра ианалагоз бжьышықәса зхыҵуаз аҷкәын хәыҷы. Рацәак ацәажәара иазҟазоу иакәымзаргьы, иара дақәшаҳаҭхеит игәалашәарақәа ҳирҳарц. "Актәи акласс салган, аҩбатәи ахь ацара сгәы иҭан усҟан. Август 14 аҽны амшын аҿы ҳаҟан, сабду Гьаргь (Жора) Ҳашба (сан лаб), нас ҳгәылацәа хәыҷқәа ҳацны. Алашарбага аҳаблаҿы акәын амшын ҳахьҭаз. Авертолиотқәа анхалаз иаҳбеит, аха аԥхьа изызкыз ҳзеилымкааӡеит, нас ахысбыжьқәа ҳаҳаит. Сабду Жора аҩныҟа ҳаигеит. Ҷанба имҩаду аҿы акәын иара дахьынхоз. "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы атанкқәа гылан, аха уи аамҭазы ҳара аӡәгьы дҳаламкьысит. Аҩны ҳаннеи ԥыҭк ашьҭахь, ҳара ҳганахь арратә техника бжьалеит ашьхақәа рганахь рхы рханы. Усҟан аҩны иҟан санду Зоиа, сан лаҳәшьа Марина. Абас иҟоуп сгәалашәараҿы уи амш. Аиашазы, сшәеит ҳәа сызҳәом, усҟакгьы исзеилкааӡомызт имҩаԥысуаз, схәыҷымзи", - иҳәоит Ҭемраз, ашықәс рацәа зхылахьо ахҭысқәа игәаларшәо.Ҭемраз иахьа абизнес маҷ инапы алакуп, Аҟәа дынхоит, иҩызцәеи иареи ақьафурҭа аартны ирымоуп. Акыр шықәса Москва дыҟан, аха иаԥсшәа шицу убоит, иҿахәы иҳәаратәы идыруеит. Раԥхьатәи амшқәа рзы ауаа рхымҩаԥгашьа игәаларшәо абас иҳәеит Ҭемраз Заур-иԥа:Анаҩсан, сажәабжь афырхаҵа иеиҭеиҳәеит аӡәырҩы ирҳәахьо ахҭысқәа ирышьашәало ажәабжь. Дара ахьынхоз аԥсуаа хԥа-ԥшьба ҭӡы ракәын иҟаз, рҭаацәа рыда егьырҭ алҵра иахьӡеит. Ҭемраз иқәлацәеи иареи иаабац ахәыҷқәа реиԥш, еибашьразаргьы, адәаҿы ихәмаруан, макьанагьы инагӡаны ирзеилкаауамызт иҟаз. Аха, аиҳабацәа ирдыруан ахҭысқәа рхы ахьцоз, избанзар аԥсыҭбарақәа рацәан, аԥсуаа кны иргон, урҭ ажәабжьқәа еибырҳәон агәылацәа. Аҟәа иалаханы иҟаз апоет Таиф Аџьба имшынҵаҿы иҩуан аԥсуаа рҭелқәа шаҿырхуаз, Аԥсны егьи аганахь иҟази дареи аимадара рмоурц азы. Ҭемразгьы ицәыригеит уи иашьашәало ахҭыс. Ҽнак зны, Заур Хьиба иԥшәмаԥҳәыс Лиуда Ҳашԥҳаи рышә аӡә дасит. Ашә илагылаз ақырҭуа ибжьы иргеит аҭел аҿыхразы дшааз. "Аимадара ыҟамзарц, аԥсуаа рҭелқәа аҿырхуан. Ҳҭел аҿырхит. Нас, уи инашьҭарххны иааит ҩ-машьынак ирықәтәаны. Ҳара амҩаду аҿы ҳаҟан уи аамҭазы. Хԥаҟа реис ҟарҵеит ҳаҩны идәылыргаз ргаразы. Уи инашьҭарххны еиҭах иаакылсын ҳгәылацәа зегьы ишырбоз сани саби ргеит. Схала санынха аҵәыуара салагеит. Сҭаацәа ирымҳәазар ҟалап ари ахәыҷы ҳара даҳтәуп ҳәа, уи акәзар ҟалап сара сзырымгаз. Избон ишыргоз амашьына иҭартәаны. Агәылацәа аӡәгьы акгьы имҳәаӡеит сҭаацәа аныргоз, ишәазар акәхап.". Аҷкәын иани иаби анырга, намыс змаз агәылацәа дара рахь дыргеит. Ҭемраз ишигәалашәо ала урҭ башкирцәан. Урҭ рҿы акыраамҭагьы дыҟан. Иара ишиҳәо ала, амла дадмыркит, игәы ныдмырхеит. Аибашьра анцоз иҭыхыз авидео ҳазыхынҳәуазар, Жора Ҳашба еиҭеиҳәоит ирхыргаз аҟыба-ӡыба: "Ҳаԥсҭазаашьа даара ицәгьан, џьаргьы ҳазныҟәаӡомызт, ача ҳзаахәомызт. Ҳауацәа рҿы ҳҽаҳҵәахуан, зны саҳәшьа лҿы сыҟан, уа еилыркаан ианҳақәла сара сыбналеит…". Авидео аҿы зегь реиҳа угәы ҭызшьаауа Жора имаҭа изы иҵәахны имаз жәа-нызқьмааҭ афронт ацхыраараз иахьалеиҵо ауп. Убас иҟан усҟантәи аидгылара, аиааира ааигәатәра дасу ишилшоз инаигӡон. Абду занааҭла дмашьынарныҟәцаҩын, тәанчара дцахьан аибашьра ианалагоз. Жора идунеи иԥсахит 2003 шықәсазы, аха иԥсы зыхҭниҵоз имаҭа Ҭемраз иахьа Анцәа ишиҳәара дыҟоуп уҳәар ауеит. Ҭемраз Хьиба игәалашәарақәа ршәындыҟәра иҭаҵәаху маҷымзар акәхап, аха рацәак иажәа роуны дымцәажәеит. Ус акәзаргьы, исеиҳәақәазгьы аибашьра адаҟьақәа хазырҭәаауа ракәны иҟоуп: "Хәыҷык сшәеит, ҳәарада, сҭаацәа анырга, еилыскаауан иаанагоз. Ҳгәылацәа башкирцәан убарҭ сыргеит рыҩныҟа. Заҟа аамҭа дара рҿы сыҟаз сгәалашәаӡом. Афатә-ажәтә ҳагӡамызт. Амла самкӡеит. Нас, санду лаҳәшьа (Жора иԥҳәыс лаҳәшьа) дсышьҭаланы дааит, Аҟәа дынхон лара, аха лара усҟак дсыздырамызт азы слырымҭаӡеит. Нас, даҽа ԥыҭрак ашьҭахь санду длыцны даан лара лахь ҳцеит, иарбан аамҭаз сгәалашәаӡом. Аҟәа ҳаҟан акыраамҭа. Ашьҭахь, Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа Аҟәа аҳаирбаӷәаза аҟынтәи рхатәы ҳаирплан ала ҳалыргеит сабду, сара, санду. Сҭаацәа рлахьынҵа сыздырӡомызт Гәдоуҭа ҳнеиаанӡа". Сызхәаԥшуа авидео архив ишҳанаҳәо ала, Жора иҭаацәа ӡнын Аҟәа ианалҵыз. Ҭемраз иани иаби ргәыла қырҭуак иалиган ӷбала Новосибирскҟа ишьҭит, нас уантәи Москваҟа ицеит. Ашьҭахь рхәыҷы Гәдоуҭа даннеи ишьҭаланы инеит. Аиааира амш игәаларшәо Ҭемраз абас иҳәеит: "Аиааира шыҟалаз еилаҳкааит ҳара ахәыҷқәагьы зегьы рыбжьы рдуны - "Аиааира, Аиааира" ҳәа иҳәҳәо ианалага". 34 шықәса раԥхьа иҟаҵаз авидеонҵамҭа анҭырхуаз амш аарлоуп ишигәалашәо Ҭемраз, аха усгьы уи ахҭысгьы ихаҿы инхеит. Ҭемраз Хьиба дынхоит Аҟәа, дҭаацәараӡам макьана, аха, иажәа ахы ахьцоз ала, уи амшгьы ааигәахар алшоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20240105/akhy-baas-aibashra-alagamazy-1049499164.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211009/Sylakh-ianuaz-sara-sakhzavymsyz-Taif-Aba-igalarsharazy-1033381510.html
https://sputnik-abkhazia.info/20230815/khatgakharala-aibashra-ualshan-asny-afyrkhaa-aslanbek-marzei-igalasharaa-1047047918.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/08/0d/1064971928_0:40:1100:865_1920x0_80_0_0_5db2459038c49c646df00728a01db8db.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Елеонора Коӷониаԥҳа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/102002/80/1020028073_1000:0:5016:4016_100x100_80_0_0_fa9e562a2e09e5b7f5ebc8753d4339c1.jpg
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, агәаанагара, аԥсны, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
аналитикеи аиҿцәажәарақәеи, агәаанагара, аԥсны, аибашьра аҭоурыхқәа: аиааира 30 шықәса
Ԥхнын, ахәыҷқәа амшын аҿы рҽыркәабон. Лассы ашкол аҭалара иазыԥшын, аха инхаз амшқәа рзы аҽыкәабара, ахәмарра мап ацәыркуамызт, ашкол ахь ицар уи азы аԥкрақәа шыҟалоз рдыруан азы. Икеикеиуаз аԥхын жәҩан азныказ амацәыс еиԥш иааиласит, авертолиот ихылаз аҟынтә ахысбыжьқәа геит. Абас ауп усҟан Аҟәа иҟаз, еиҳаракгьы аҟәараҿы иныҟәоз, ма амшын аҿы зҽызкәабоз ари амш шыргәалашәо.
Август 14 1992 шықәсазы Аԥсуа-қырҭуа еибашьра иалагеит. Аӷа иҽазыҟаҵаны дыҟан азы, иара изы иџьашьахәыз акгьы ыҟамызт, ажәҩан ихылаз авертолиотқәа амшын иҭаз ауаа ирзымбабтәбарахазаргьы… Аибашьра раԥхьатәи амш згәалашәо аиҳабацәа рӷьыраҩык мҩасхьеит, аха иҟоуп усҟан ихәыҷқәаз, аха абри асахьа зхаҿы инхаз уажәшьҭа зуаҩыбжара иамазкуа ауаа.
Аибашьра анцоз Аҟәа иалҵны Гәдоуҭаҟа инеиуаз ауааԥсыра ирыҿцәажәон аԥсуа журналистцәа, урҭ еиҭарҳәон аҳҭнықалақьаҿ ирхыргаз аҟыба-ӡыба. Исымԥыхьашәеит убас иҟоу ажурналист Даур Инаԥшьба иҟаиҵаз нҵамҭак. Ахаҵа имаҭа хәыҷы диманы ателехәаԥшра аинтервиу аиҭоит, ахәыҷы иакәзар ҿымҭӡакәа иабду диватәоуп… Уажәшьҭа иҵхьеит 34 шықәса уи аахыижьҭеи. Авидео аҿы ицәажәоз ахаҵа идунеи иԥсаххьеит, уи ахәыҷы иакәзар, уажәы 40 шықәса дырҭысхьеит. Ҭемраз Хьиба ихьӡуп иара, аибашьра ианалагоз бжьышықәса зхыҵуаз аҷкәын хәыҷы. Рацәак ацәажәара иазҟазоу иакәымзаргьы, иара дақәшаҳаҭхеит игәалашәарақәа ҳирҳарц.
"Актәи акласс салган, аҩбатәи ахь ацара сгәы иҭан усҟан. Август 14 аҽны амшын аҿы ҳаҟан, сабду Гьаргь (Жора) Ҳашба (сан лаб), нас ҳгәылацәа хәыҷқәа ҳацны. Алашарбага аҳаблаҿы акәын амшын ҳахьҭаз. Авертолиотқәа анхалаз иаҳбеит, аха аԥхьа изызкыз ҳзеилымкааӡеит, нас ахысбыжьқәа ҳаҳаит. Сабду Жора аҩныҟа ҳаигеит. Ҷанба имҩаду аҿы акәын иара дахьынхоз. "Ацҳа ҟаԥшь" аҿы атанкқәа гылан, аха уи аамҭазы ҳара аӡәгьы дҳаламкьысит. Аҩны ҳаннеи ԥыҭк ашьҭахь, ҳара ҳганахь арратә техника бжьалеит ашьхақәа рганахь рхы рханы. Усҟан аҩны иҟан санду Зоиа, сан лаҳәшьа Марина. Абас иҟоуп сгәалашәараҿы уи амш. Аиашазы, сшәеит ҳәа сызҳәом, усҟакгьы исзеилкааӡомызт имҩаԥысуаз, схәыҷымзи", - иҳәоит Ҭемраз, ашықәс рацәа зхылахьо ахҭысқәа игәаларшәо.
Ҭемраз иахьа абизнес маҷ инапы алакуп, Аҟәа дынхоит, иҩызцәеи иареи ақьафурҭа аартны ирымоуп. Акыр шықәса Москва дыҟан, аха иаԥсшәа шицу убоит, иҿахәы иҳәаратәы идыруеит.
Раԥхьатәи амшқәа рзы ауаа рхымҩаԥгашьа игәаларшәо абас иҳәеит Ҭемраз Заур-иԥа:
"Акыр шықәса раԥхьа иҟаз ахҭысқәа роуп ҳазлацәажәо, схаҿы инхазгьы рацәам сықәра иахҟьаны, аха ишысгәалашәо ала, ауаа иҟарҵара рзымдыруа, иҟало рзеилымкауа иҟазшәа сыҟоуп. Ҷанба имҩаду аҿы хәымш раҟара ҳаҟан. Уантәи ҳгәылацәа ақырҭцәа сани саби рахь ақалақь ахь сааргеит. Шьапыла ҳааит аҩныҟа. Сашьа Баҭал Очамчыра дыҟан..."
Анаҩсан, сажәабжь афырхаҵа иеиҭеиҳәеит аӡәырҩы ирҳәахьо ахҭысқәа ирышьашәало ажәабжь. Дара ахьынхоз аԥсуаа хԥа-ԥшьба ҭӡы ракәын иҟаз, рҭаацәа рыда егьырҭ алҵра иахьӡеит. Ҭемраз иқәлацәеи иареи иаабац ахәыҷқәа реиԥш, еибашьразаргьы, адәаҿы ихәмаруан, макьанагьы инагӡаны ирзеилкаауамызт иҟаз. Аха, аиҳабацәа ирдыруан ахҭысқәа рхы ахьцоз, избанзар аԥсыҭбарақәа рацәан, аԥсуаа кны иргон, урҭ ажәабжьқәа еибырҳәон агәылацәа. Аҟәа иалаханы иҟаз апоет Таиф Аџьба имшынҵаҿы иҩуан аԥсуаа рҭелқәа шаҿырхуаз, Аԥсны егьи аганахь иҟази дареи аимадара рмоурц азы.
Ҭемразгьы ицәыригеит уи иашьашәало ахҭыс. Ҽнак зны, Заур Хьиба иԥшәмаԥҳәыс Лиуда Ҳашԥҳаи рышә аӡә дасит. Ашә илагылаз ақырҭуа ибжьы иргеит аҭел аҿыхразы дшааз.
"Аимадара ыҟамзарц, аԥсуаа рҭелқәа аҿырхуан. Ҳҭел аҿырхит. Нас, уи инашьҭарххны иааит ҩ-машьынак ирықәтәаны. Ҳара амҩаду аҿы ҳаҟан уи аамҭазы. Хԥаҟа реис ҟарҵеит ҳаҩны идәылыргаз ргаразы. Уи инашьҭарххны еиҭах иаакылсын ҳгәылацәа зегьы ишырбоз сани саби ргеит. Схала санынха аҵәыуара салагеит. Сҭаацәа ирымҳәазар ҟалап ари ахәыҷы ҳара даҳтәуп ҳәа, уи акәзар ҟалап сара сзырымгаз. Избон ишыргоз амашьына иҭартәаны. Агәылацәа аӡәгьы акгьы имҳәаӡеит сҭаацәа аныргоз, ишәазар акәхап.".
Аҷкәын иани иаби анырга, намыс змаз агәылацәа дара рахь дыргеит. Ҭемраз ишигәалашәо ала урҭ башкирцәан. Урҭ рҿы акыраамҭагьы дыҟан. Иара ишиҳәо ала, амла дадмыркит, игәы ныдмырхеит. Аибашьра анцоз иҭыхыз авидео ҳазыхынҳәуазар, Жора Ҳашба еиҭеиҳәоит ирхыргаз аҟыба-ӡыба:
"Ҳаԥсҭазаашьа даара ицәгьан, џьаргьы ҳазныҟәаӡомызт, ача ҳзаахәомызт. Ҳауацәа рҿы ҳҽаҳҵәахуан, зны саҳәшьа лҿы сыҟан, уа еилыркаан ианҳақәла сара сыбналеит…".
Авидео аҿы зегь реиҳа угәы ҭызшьаауа Жора имаҭа изы иҵәахны имаз жәа-нызқьмааҭ афронт ацхыраараз иахьалеиҵо ауп. Убас иҟан усҟантәи аидгылара, аиааира ааигәатәра дасу ишилшоз инаигӡон. Абду занааҭла дмашьынарныҟәцаҩын, тәанчара дцахьан аибашьра ианалагоз. Жора идунеи иԥсахит 2003 шықәсазы, аха иԥсы зыхҭниҵоз имаҭа Ҭемраз иахьа Анцәа ишиҳәара дыҟоуп уҳәар ауеит.
Ҭемраз Хьиба игәалашәарақәа ршәындыҟәра иҭаҵәаху маҷымзар акәхап, аха рацәак иажәа роуны дымцәажәеит. Ус акәзаргьы, исеиҳәақәазгьы аибашьра адаҟьақәа хазырҭәаауа ракәны иҟоуп:
"Хәыҷык сшәеит, ҳәарада, сҭаацәа анырга, еилыскаауан иаанагоз. Ҳгәылацәа башкирцәан убарҭ сыргеит рыҩныҟа. Заҟа аамҭа дара рҿы сыҟаз сгәалашәаӡом. Афатә-ажәтә ҳагӡамызт. Амла самкӡеит. Нас, санду лаҳәшьа (Жора иԥҳәыс лаҳәшьа) дсышьҭаланы дааит, Аҟәа дынхон лара, аха лара усҟак дсыздырамызт азы слырымҭаӡеит. Нас, даҽа ԥыҭрак ашьҭахь санду длыцны даан лара лахь ҳцеит, иарбан аамҭаз сгәалашәаӡом. Аҟәа ҳаҟан акыраамҭа. Ашьҭахь, Аџьар ҟаԥшь ахаҭарнакцәа Аҟәа аҳаирбаӷәаза аҟынтәи рхатәы ҳаирплан ала ҳалыргеит сабду, сара, санду. Сҭаацәа рлахьынҵа сыздырӡомызт Гәдоуҭа ҳнеиаанӡа".
Сызхәаԥшуа авидео архив ишҳанаҳәо ала, Жора иҭаацәа ӡнын Аҟәа ианалҵыз. Ҭемраз иани иаби ргәыла қырҭуак иалиган ӷбала Новосибирскҟа ишьҭит, нас уантәи Москваҟа ицеит. Ашьҭахь рхәыҷы Гәдоуҭа даннеи ишьҭаланы инеит.
"Сан данызба сгәырӷьеит. Лыхны сабду Жора иаҳәшьа Ӡизариаа дрыман убра ҳаҟан. Уасил Ӡиӡариа иҩны ҳанхон. Ауаа ршьуан, иагьа ухәыҷызаргьы иуҭахы-иуҭахым аилкаара уоуан аибашьра шцоз азы. Зегьы ирцәыуадаҩын уи аамҭа. Еибашьуаз сыуацәа рацәаҩын саби сани рганахьала, иҭахаз ыҟоуп, аха уажәы хазы аӡә иалкаара сҭахӡам. Исаҳауан ауаа шыршьуаз сеиҳабацәа рҟынтәи. Ашкол ахь сныҟәаӡомызт, шықәсык сцәыӡит. Аибашьра ԥхыӡла избаӡом, аха агәалашәарақәа сзааиуеит аамҭа-аамҭала", - иҳәоит Ҭемраз Хьиба.
Аиааира амш игәаларшәо Ҭемраз абас иҳәеит: "Аиааира шыҟалаз еилаҳкааит ҳара ахәыҷқәагьы зегьы рыбжьы рдуны - "Аиааира, Аиааира" ҳәа иҳәҳәо ианалага".
34 шықәса раԥхьа иҟаҵаз авидеонҵамҭа анҭырхуаз амш аарлоуп ишигәалашәо Ҭемраз, аха усгьы уи ахҭысгьы ихаҿы инхеит.
Ҭемраз Хьиба дынхоит Аҟәа, дҭаацәараӡам макьана, аха, иажәа ахы ахьцоз ала, уи амшгьы ааигәахар алшоит.