Беслан Бигәааи Виачеслав Гладкови Сергеи Дбар ихьӡ зху Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи иаҭааит
12:37 15.08.2026 (ирҿыцуп: 16:56 15.08.2026)

© Foto / Посольство России в Абхазии
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи аҳәынҭмузеи иаҭааит.
Амузеи азалқәа руак Аԥсны ахақәиҭразы еибашьуаз ахатәгәаԥхаҩцәа ргәалашәара иазкуп.
Афотоцәыргақәҵаҿы еизгоуп зқьы инареиҳаны афотоҭыхыҩ Витали Қьецба иусумҭақәа, иара убас хатәгәаԥхарала еибашьуаз ранацәа рфотосахьақәа Ҭырқәтәылеи, Шьамтәылеи, Иорданиеи рҟынтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рмитингқәа рҟынтәи архивтә кадрқәа, урҭ амузеи иалҭеит ажурналист Фаина Матуаԥҳа.
Нанҳәа 15 — Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз ирымшуп.
Нанҳәа 14 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага, раԥхьатәи амшқәа инадыркны хыԥхьаӡара рацәала Аԥсны ахьчараз иааит Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа рҟынтәи, Урыстәыла аладантәи, Ҭырқәтәылантә, Шьамтәылантә, Иорданиантә, ахара аҳәаанырцәынтәи аибашьцәа-хатәгәаԥхаҩцәа.