00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш азы аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Гәдоуҭа

© Sputnik / Есиава БадриДом культуры города Гудаута
Дом культуры города Гудаута - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.08.2026
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. "Шәара Аԥсныҟа шәааит шәгәы иаҭахны, аиашара ашьақәыргыларазы" — Аԥсны ахада Бадра Гәынба ихьӡала хатәгәаԥхарала аибашьра иалахәыз аветеранцәа рахь ааԥхьара иҟаиҵаз даԥхьеит уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.

Ааԥхьараҿы иазгәаҭоуп, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәа, Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа рҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз Аԥсныҟа ишааз рыжәҩахыр рашьцәа ирыдырҵарц.

"Аибашьра раԥхьатәи амш инаркны Аиааира аҟынӡа ҳаибашьцәа бџьаршьҭыхла шәрыдгылан. Шәара иҳацеиҩышәшеит зегьы — ҳхьаа, хӷәаҟра, аԥсҭбарақәа, иара убас Аиааира иацыз агәырӷьара. Шәҩыла хатәгәаԥхарала еибашьуаз рыԥсҭазаарақәа Аԥсны аиааиреи ахьыԥшымреи ирыхҭнырҵеит. Ҳаԥсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит. Рыхьӡ Аԥсны аҭоурыхи ҳажәлар ргәалашәареи рҟны наунагӡа иаанхоит", — иҳәеит атәыла ахада.

Гәынба иҟаиҵаз ааԥхьараҿы иазгәаҭоуп аԥсуаа хатәгәаԥхарала еибашьуаз аишьцәа рыцхыраареи, ргәымшәареи, риашареи шыргәалашәо.

"Иахьа, Ихьыԥшым Аԥсынтәыла аҭынчԥсҭазаара амоуп. Ҳара ҳуалԥшьа — уи аҭынчра ахьчара ауп, еизҳауа абиԥарақәа аҭоурых рымадара, аибашьра аамҭа иԥнашәаз ҳаиашьара арӷәӷәара", — иҳәеит иара.

Гәынба хатәгәаԥхарала еибашьуази урҭ рҭаацәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аҭынчра, аманшәалара.
Ажәабжьқәа зегьы
0