Аԥснытәи аихамҩақәа 9 нызқь рҟынӡа вагон аанагеит 2026 шықәса актәи азбжазы
20:55 15.08.2026 (ирҿыцуп: 22:51 15.08.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
АҞӘА, нанҳәа 15 — Sputnik. Аԥснытәи аихамҩақәа 9 нызқь рҟынӡа вагон аанагеит 2026 шықәса актәи азбжазы.
2025 шықәсазтәи арбагақәа абри аамҭахәҭа иаҿырԥшны аидарамҩангарақәа рымҽах еизҳаит 6% рыла. Абри атәы еиҭеиҳәеит Аҧснытәи аихамҩақәа аидарамҩангагақәа рзы аҟәша аиҳабы Анри Гагәылиа.
Иара иажәақәа рыла, ҵыԥх актәи ашықәсбжа иаҿырԥшны 32 нызқь тонна рҟынӡа аидарақәа рымҽхак иеизҳаит.
2024 шықәсазы АИ иаанагеит 13 889 вагон, 2025-тәи ашықәс азы — 17 нызқь рҟынӡа вагон.
Аидарамҩангара ахәҭа хада арацәа ауп — азеиԥш мҽхакы аҟынтәи 84,8%. Даҽа 9% рҟынӡа абылтәы-хьшьтәы материалқәа. Егьырҭ ахәҭа аргыларатә материалқәеи афатә ааглыхразы аалыҵи роуп иҳәеит Гагәылиа.